Новости

Абанктә усура аарҧшразы АИХ рыҟны аицлабра

06-03-2018 12:30

2018 шықәса жәабранмза 28 рзы Абанк аусзуҩы Имш аҽны Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банки Аҧсны ажурналистцәа реидгылеи рнапы аҵарҩит АИХ рыҟны абанк аарҧшра иазку арҿиаратә еицлабразы аҧҟара. 

Аицлабра иалахәзар ҟалоит акьыҧхьтәи аелектронтәи  АИХ зегьы ржурналистцәа   (ателехәаҧшра, арадио, аинтернет-ҭыжьымҭақәаа, агазеҭқәа, ажурналқәа), иара убас авторцәа (автортә коллективқәа), зматериалқәа 2018 ш. ҧхынҷкәынмза 31-нӡа АА АИХ рыҟны икьыҧхьхо, ианҵахо. Аицлабра аҟны ицәыргахоит агазеҭқәеи, ажурналқәеи, амассатә информациа аелектронтә хархәагақәа аҧсышәалеи урысшәылеи рхы иадырхәо еиуеиҧшым ажанрқәа рыла аматериалқәа.

Аицлабра амҩаҧгара аҧҟарақәеи аҿҳәареи аинформациа иҵегьы ареспублика АИХ рыҟны ианҵахоит. 

Аицлабраҟны аиааира зго рыхьыӡқәа рылаҳәареи урҭ апремиа рыҭареи АА АИХ аусзуҩы Имш иақәыршәахоит 2019 шықәса жәабранмза аҵыхәтәантәи амҽыша аҽны.