Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха

"Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха» захьӡу, 50 ҧсар ицо ахьтәы монета.

  • Каталожный номер0320050-005
  • Дата выпуска22.03.2013 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
50 ҧсар Ҧруф-лаиқ Ахьы 999 15,7 15,55 30,0 3,3±0,35 99

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 50 ҧсар ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2013», амонета ахатә номер.

Реверс:

Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха асахьа ануп. Армарахьтәи хыхьтәи акәакь аҟны иануп Ацқьа Симон Кананит символра изызуа аџьари аӡҭрақәеи. Ихаргьежьны аҧсышәала «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха» ҳәа аҩыра ануп. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи аныргылаз арыцхә.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп. 
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала. 
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.
Амонета атираж 99 цыра.