Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

АҞӘА

Аҟәа ақалақь аиубилеи иазку араӡны иалху агәаларшәагатә монета «АҞӘА»

  • Каталожный номер0510010-001
  • Дата выпуска30.06.2016 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
10 ҧсарк Ҧруф-лаиқ Араӡны 925 33,63 31,24 39,0 3,3±0,35 1000-нӡа

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк», агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп Д.И. Менделеев ихимиатә елементқәа рпериодикатә система иатәу аметалл адыргеи, аиларҭәа ахки, хәызмоу аметалл акапанцқьа аилазаареи, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьатәым ақәыҧшылара игәылгоу аҩырақәа «Аҧсны Абанк» ҳәа хә-цәаҳәакны шрифт ссала иануп, иазгәаҭоуп аҧараҧҟара ашықәс «2016».

Реверс:

Агәҭантәи ахәҭаҿы Аҟәа ақалақь ахадара ахыбра асахьа гәылганы иануп, хыхьтәи арҕьарахьтәи ахәҭаҿы иануп диоскураа рхылҧақәа рсахьақәа – Аҧсны аҳҭынра асимволқәа. Адәахьтәи ахагьежь ҵаҟатәи ахәҭаҟны «АҞӘА» ҳәа аҧсышәала ақалақь ахьӡ ануп, хыхьтәи ахәҭаҟны ақалақь ақәра – 2500.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьала иҟаҵоуп.

Асахьаҭыхҩы - Габлиа Руслан

Аскульптор Ерохин В.М.