Новости

Асубординаттә кредит азы изаамҭанытәиу атранш ашәаразы

29-12-2017 12:30

Изаамҭанытәиу асубординаттә кредит азы 58,3 млн. мааҭ шәан 2017 шықәса ҧхынҷкәынмза 28 рзы.

Ҳазҭагылоу аамҭазы Аҧсны Абанк ауал хада аҟнытә 433 млн мааҭ ашәеит, ишәоуп иара убас 110 млн мааҭ апроцентқәа.

06.08.2010 ш. аҟнытә Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аҧсны Аҳәынҭқарра иадгалан акредит 700 млн мааҭ иаҟараны15.06.2020 ш. ҳәа аҿҳәара аҭаны.

Изаамҭанытәиу атранш 58,3 млн мааҭ шәахоит 2018 ш.рзы.