Новости

Ажурнал "Золотои червонец" аҟны икьыҧхьуп Аҧсны Абанк амонетақәа ирызку астатиа

28-02-2018 13:25

Амонетақәеи амонетатә џьырмыкьеи ирызку иҷыдоу ажурнал «Золотои червонец» №41 (04) аҟны икьыҧхьуп Аҧсны агәалашәаратә монета “Афон-ҿыцтәи амонастыр” иазку астатиа.

Астатиаҟны инарҭбааны  иаарҧшуп атәыла анумизматикаҟны ахьӡ аларҵәаразы алшара дуқәа змоу Аҧсны аиашахаҵаратә ныха аҭоурых. 

 Астатиа аелектронтә хкы азы азхьарҧш .

Ажурнал адаҟьақәа рфото: