Новости

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент иаднакылеит «Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк 2017 ш. иазку ашықәсазтәи аҳасабырбазы» Ақәҵара

31-05-2018 09:06

2018 шықәса лаҵарамза 30 рзы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиаҟны Аҧсны Абанк Ахантәаҩы Бараҭелиа Б.В. Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) 2017 ш.иазку ашықәсазтәи аҳасабырба ҟаиҵеит аудитортә лкаа ацҵаны.

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы иқәгылараҟны 2017 шықәсазтәи аусура аихшьала ҟаиҵеит.

Бараҭелиа Б.В. иазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә система аҿиара арбага хадақәа, ахәшьара аиҭеит абанктә система, иҳәеит Амилаҭтә шәатәтәы система аҿиареи Аҧсны Аҵәахырҭатә банк (ИАУ) афинанстә зҩыдатәра иазку аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара алҵшәақәеи ртәы.

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Адепутатцәа «Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) 2017 ш. иазку ашықәсазтәи аҳасабырбазы» ақәҵара рыдыркылеит.
Иацҵаны шәаҧхь: http://apsnypress.info/news/prinyat-godovoy-otchet-natsbanka/