Новости

Франциа анумизматикатә ҭыжьымҭа хада аҟны икьыҧхьуп Аҧсны Абанк амонетақәа ирызку астатиа

16-05-2018 13:14

Франциа анумизматикатә ҭыжьымҭа хада «Monnaie Magazine» аҟны икьыҧхьуп Аҧсны Абанк амонетақәа ирызку Les Pièces Commémoratives de la République d’Abkhazie» захьӡу астатиа. Асаит ахь азхьарҧш: http://www.monnaie-magazine.com/

Астатиаҟны инарҭбааны иаарҧшуп Аҧсны Абанк аемиссиатә усура, иҳәоуп агәалашәаратә монетақәа рмилаҭтә џьармыкьа ашьақәгылареи аҿиареи ртәы, иаагоуп урҭ злацәырго асериақәа рыхҳәаа. Абри азы аинформациа ажурнал ацәаҿы иануп.

Аинформациа зну ажурнал адаҟьақәа рфото ҵаҟа илбааганы иаагоуп. Ажурнал апревиу (заа абара, ахәаҧшра) шәахәаҧшыр шәылшоит абри азхьарҧш ала.