Новости

Иҭыжьуп ахархәаразы агәаларшәагатә монета «Александр Чачба»

19-02-2019 10:15

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк ирыланаҳәоит агәаларшәагатә монета «Александр Чачба» аикәшарахь ишҭыжьу атәы.

Агәалашәаратә монета «Александр Чачба» нагӡоуп 925-тәи араӡынцқьа иалхны, амонета адиаметр 60 мм ыҟоуп, акапан 155,5 гр., ахаҭабзиара пруф-лаик ала инагӡоуп, 100 аҧсарк ицоит.

Амонетақәа ргантә қәыҧшылара ҭырҷҷоуп. “Аҧсны иналуакааша ауаа” асериа иаҵанакуеит. 

Акаталогтә номер 0110100-012. Атираж – 300 цыра.

Асахьаҭыхҩы:Џьапуа Баҭал Рушьни-иҧа

Ахаҿратә ган. Амонета аверс аҟны иануп атеатртә ҧардеи атеатртә сабрадақәа ҩбеи ирылубаауа алабашьа зыҵаргәоу Александр Чачба ифигура, иара убас амонета шаҟа ицо, аноминал «100 ԥсарк» ҳәа,  азаҷра ашықәс 2018, аҩыра «Аԥсны Абанк», Аҳәынҭқарратә герб.
Ашьҭахьтәи аган. Ареверс иануп аҧштәы змоу атампомҳәыр ала Алеқсандр Чачба иавтопортрети асценатә шәҵатәқәа рескизқәеи, иара убас асахьаҭыхҩы ихьӡи аишьцәа Диоскураа рхылҧақәа – аҭауадцәа  Шервашиӡе (Чачаа) ргеральдикатә символқәа. Ҵаҟа арыҕьарахьала – иҧсҭазаара ашықәсқәа.

 


Аҧсны Абанк хәызмоу аметаллқәа ирылху агәаларшәагатә монетақәа рыҭира мҩаҧысуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рыла.