Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Адомино азы адунеи Ачемпионат, Аҧсны, 2011ш.

"Аспорт" асериала иҭыжьу «Адомино азы адунеи Ачемпионат, Аҧсны, 2011ш.» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета.

  • Каталожный номер0410010-001
  • Дата выпуска12.09.2011 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
10 ҧсарк Ҧруф-лаиқ Араӡны 925 33,63 31,24 39,0 3,3±0,35 500-нӡа

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк, амонета арҕьарахьтәи аган аҿы иануп афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи, иара убас уаҟа иқәыргылоуп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2011».

Реверс:

Агәҭаны – ахыҧхьаӡара ааба анны адомино ахаҳә аҧсуа шхәа аҧра ануп, ашхәа амазгәыҭ иахашәыршәыруеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бираҟ, ихаргьежьны иаҿыкәыршаны аҧсышәала аҩыра ануп: ахаҿы – “Адомино азы Адунеи VIII ачемпионат, ” ҵаҟа – “Аҧсны”, арҕьарахьала ачемпионат амҩаҧгара амзеи ашықәси; армарахьала – аа-иаҵәак рыла ишьақәгылоу ацәаҳәа, уи ачемпионат аишьҭагыларатә номер символра азнауеит.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 500 цыра.

Аҭыжьымҭа – Гознак (РФ) Санкт-Петербургтәи аҧараҧҟарҭа.