Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал

"1992-1993шш. рызтәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра" асериала иҭыжьу 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монетақәа, «Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал»

  • Каталожный номер0260010-003
  • Дата выпуска24.06.2013 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
10 ҧсарк Ҧруф-лаиқ Антиҧруф Араӡны 925, Ахьы 999 33,94±0,31 31,1 39,0 3,3±0,35 499-нӡа

Аверс:

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәыршақәа рымоуп. Хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк, амонета арҕьарахьтәи аган аҿы иануп афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи, иара убас уаҟа иқәыргылоуп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2013».

Реверс:

Амонета «Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал» ашьҭахьтәи аган хыхьтәи ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы иануп акомпозициа: Хәаџьал ашьха, уи ақәыҧшылараҟны арыҕьарахь – амедал «Аҧсны Афырхаҵа» асахьа, арымарахь – аенергетикцәа рықалақь асимволқәа ируаку авольтҳаракытә шьаҟа. Агәҭантәи ахәҭаҟны аҧсышәала аҩырақәа ануп: «Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал», ақалақь анхарҭатә ҭыҧқәа рыхьӡқәа: Аҟармара, Џьанҭоу, Кәазан. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы иҭбаау адекоративтә цәаҳәа ақәыҧшылараҟны иануп ақалақь агерби ашьаҭаркра ашықәси – 1942. Ацәаҳәа ихаргьежьны акәаҧқәа аҿыкәыршоуп. Амедали агерби рсахьақәа нагӡоуп атампокьыҧхьреи иналк-аалку ахьӡыркреи рметод ала.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ахаҭашьара “пруф-лаик”.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 499 цыра.

Аҭыжьымҭа – Гознак (РФ) Санкт-Петербургтәи аҧараҧҟарҭа.