Номинал | Качество | Металл, проба Кольцо/диск | Масса общая, г. | Содержание чистого металла не менее, г. | Диаметр, мм | Толщина, мм | Тираж, шт. |
10 ҧсарк | Ҧруф-лаиқ | Араӡны 925 | 33,63 | 31,1 | 39,0 | 3,3±0,35 | 500 |
хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк», агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп Д.И. Менделеев ихимиатә елементқәа рпериодикатә система иатәу аметалл адыргеи, аиларҭәа ахки, хәызмоу аметалл акапанцқьа аилазаареи, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьатәым ақәыҧшылара игәылгоу аҩырақәа «Аҧсны Абанк» ҳәа хә-цәаҳәакны шрифт ссала иануп, иазгәаҭоуп аҧараҧҟара ашықәс «2014»
Иеицырдыруа аҧсуа етнограф-кавказҭҵааҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, афольклорист, алитератураҭҵааҩ, акритик Шьалуа Денис-иҧа Иналиҧа ипатреҭ, апатреҭ ҵаҟатәи ахәҭаҟны ацифра 100 ануп. Арҕьарахьи армарахьи иануп арыцхәқәа «1914», «1995», ҵаҟа ихаргьежьны аҿыкәырша инаваҵаны аҧсышәала аҩыра ануп: «Шьалуа Иналиҧа», абшьҭратә дырга – адамыҕа – асахьа ацны.
Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Амонета "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьала иҟаҵоуп.
Асахьаҭыхҩы Джапуа Б.Р.
Аскульпторқуа: Корнилов С.А., Андронов Ф.С.
Амонета атираж 500 цыра.