Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Самсон Ҷанба

“Аҧсны иналукааша ауаа" асериа иатәу 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета «Самсон Ҷанба».

  • Каталожный номер0110010-004
  • Дата выпуска29.06.2009 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
10 ҧсарк Ҧруф-лаиқ Араӡны 925 33,94±0,31 31,1 39,0 3,3±0,35 1000-нӡа

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк», агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп Д.И. Менделеев ихимиатә елементқәа рпериодикатә система иатәу аметалл адыргеи, аиларҭәа ахки, хәызмоу аметалл акапанцқьа аилазаареи, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьатәым ақәыҧшылара игәылгоу аҩырақәа «Аҧсны Абанк» ҳәа хә-цәаҳәакны шрифт ссала иануп, иазгәаҭоуп аҧараҧҟара ашықәс «2009».

Реверс:

иануп аҧсуа шәҟәыҩҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩы Самсон Иаков-иҧа Ҷанба ибиуст. хыхьтәи ахәҭаҿы армарахьтә арҕьарахь ихаргьежьны аҧсышәала «Самсон Ҷанба» ҳәа аҩыра ануп. Агәҭантәи ахәҭаҿы абиуст армарахьгьы арҕьарахьгьы арыцхәқәа «1886», «1937» ҳәа ануп.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьала иҟаҵоуп.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Аскульптор Ерохин В.М.

Амонета атираж 1000 цыра.