2024 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра акоммерциатә банкқәа рыҟны аҧарашьҭаҵақәеи адепозитқәеи рзеиҧш мҽхакы иартәеит 4,2 млрд мааҭ. Ари 1,3 млрд мааҭк мамзаргьы 45,4% рыла еиҳауп иҳаҩсыз ашықәс абри аамҭазы.
Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системала 2023 шықәсазы амааҭтә еквивалент ала имҩаҧысыз аҧаратә хархәагақәа рытрансҳәаатә еикәшара иартәеит 143,0 млрд мааҭ, ари 19,3 млрд мааҭ (15,6%) рыла еиҳауп 2022 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа.
2023 шықәсазтәи аихшьалақәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә шәатәы системала имҩаҧгаз аоперациақәа рымҽхак иартәеит 34,8 млрд мааҭ, ари 15% (4,6 млрд мааҭ) рыла еиҳауп 2022 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа. Имҩҧагоу аоперациақәа реилазаараҟны АҧРА акартақәа рыхәҭаа иартәоит 14,2 млрд мааҭ, МИР акартақәа – 11,6 млрд мааҭ, 9 млрд мааҭк – ЖӘАС.
«2023 ш. абҵарамза 23 рзы имҩаҧысит Аҧхьаӡаратә ибанктәым акредиттә еиҿкаара "СТАТЕРА" (Зҭакҧхықәра ҧку ауаажәларра) аҳәынҭқарратә шәҟәҭаҩра абри аҭыӡҭыҧ ала: Аҟәа ақ, Лакоба имҩа, 34. Аҧхьаӡаратә ибанктәым акредиттә еиҿкаара "СТАТЕРА" аҧҟаҧҵәатә капитал (ЗҲӘА) иартәоит 10 млн. мааҭк.
2023 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны жәымз рыҩныҵҟала абанктә картақәа зку иҟарҵаз атранзакциақәа рзеиҧш мҽхакы иартәеит 26,3 млрд мааҭ. 2022 шықәсазы абри аамҭахҵәаха иаҿырҧшны аоперациақәа рзеиҧш мҽхакы иазҳаит 16% (3,6 млрд) рыла. Инагӡоу атранзакциақәа реилазаараҟны «АҧРА» акартақәа рыхәҭаа иартәеит 38,4%, ашәатәы система «Мир» акартақәа - 33,5%, жәларбжьаратәи ашәатәы система – 28,1%.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк ҩынтәны рашәарамза 23 инаркны 25-нӡа Гонконг имҩаҧысуаз 10-тәи Жәларбжьаратәи анумизматикатә цәыргақәҵа-џьармыкьа (HKINF) иалахәуп.
HKINF – аукционтә ҩынқәа, акредиттә еиҿкаарақәа, 40 тәыла ((Британиа ду, Австралиа, Франциа, ЕЕА, Иапониа, Иорданиа уҳәа) рыҟнытә хазхаҭалатәи аколлекционерцәа еидызкыло Азиа имҩаҧысуа нумизматикатә хҭыс дууп.