Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
Аҧсны Абанк Анапхгара

 

Аҧсны Абанк Анапхгара иреиҳаӡоу усбарҭоуп уи коллегиалтә усбарҭоуп, иара Аҧсны Абанк аусура ахырхарҭа хадақәеи Аҧсны Абанк анапхгареи амҩақәҵареи азҧхьагәанаҭоит.

Анапхгара иалоуп Аҧсны Абанк Ахантәаҩи Анапхгараи 6-ҩык уи алахәылаҩцәеи.

Аҧсны Абанк дахагылоуп Ахантәаҩы, уи имаҵура даханаргылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара хәышықәса аҿҳәара иҭаны адепутатцәа рзеиҧш хыҧхьаӡара аҟнытә абыжьқәа реиҳарала.

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы амаҵура иахаргыларазы акандидатура наишьҭуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны Абанк Ахантәаҩы изинмчқәа рыҿҳәара анҵәара ҩымз шагу.

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы иҿҳәара нҵәаанӡа имаҵура аҟнытә ихы данақәиҭыртәуа ахҭыс аан, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада абри амаҵурахьы анеиразы акандидатура наишьҭуеит мызктәи аҿҳәара иҭагӡаны ихы данақәиҭыртә аҽны инаркны.

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы имаҵурахьы ирыдгалаз акандидатура мап анацәырк ахҭыс аан, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада мызктәи аҿҳәара иҭагӡаны инаишьҭуеит аиҭабжьыҭиразы акандидатура, ма иқәиргылоит акандидатура ҿыц. Кандидатурак ҩынтә еиҳаны ақәыргылара ҟалом.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала Анапхгара алахәылаҩцәа рхыҧхьаӡара аҟнытә амаҵура дахаиргылоит Аҧсны Абанк Ахантәаҩы иусқәа рынагӡаҩы, уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара Аҧсны Абанк Ахантәаҩы амаҵура даханаргылаанӡа ҿҳәарас имоуп.

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы имаҵураҟнытә ихы дақәиҭнатәуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инашьҭымҭа ала.

Анапхгара алахәылаҩцәа амаҵура иаханаргылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара хәышықәса ҿҳәарас иаҭаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инашьҭымҭала.

Анапхгара алахәылаҩцәа ркандидатурақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изынаишьҭуеит Аҧсны Абанк Ахантәаҩы.

Анапхгара алахәылаҩцәа амаҵураҟнытә рхы иақәиҭыртәуеит:

абри ахәҭаҷ аҟны иарбоу азинмчқәа рыҿҳәара анынҵәалак – Аҧсны Абанк Ахантәаҩы идҵала;

абри ахәҭаҷ аҟны иарбоу азинмчқәа рыҿҳәара нҵәаанӡа – Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инашьҭымҭала.

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы азин имоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҿаҧхьа азҵаара ақәыргылара Анапхгара алахәылаҩ изинмчқәа рыҿҳәара нҵәаанӡа имаҵураҟынтә ихы иақәиҭтәразы.

Анапхгара аилатәарақәа раан хантәаҩра иуеит Аҧсны Абанк Ахантәаҩы, уи даныҟам ахҭыс аан – Анапхгара алахәылаҩцәа рхыҧхьаӡара аҟнытә уи дзыҧсахуа ахаҿы.

Анапхгара аӡбарақәа рыдыркылоит иалахәу рхыҧхьаӡараҟны абыжьқәа реиҳарала акворум ҧшьҩык аныҟоу.

Анапхгара аилатәара аҧкаанҵа рнапы анырҵоит хантәаҩра зуеи Анапхгара алахәылаҩцәа аӡәи. Аҧара-кредиттә политика азҵаарақәа рзы Анапхгара аӡбарақәа анаднакыло, аиҵараҿы иҟалаз Анапхгара алахәылаҩцәа ргәаанагара, урҭ рыдҵала аҧкаанҵа ианырҵоит.

Анапхгара еилатәоит мызкахьынтә знык еиҵамкәа.

Анапхгара аилатәарақәа аарҧхьоит Аҧсны Абанк Ахантәаҩы, уи дзыҧсахуа ахаҿы, ма Анапхгара ҩыџьа алахәылаҩцәа иреиҵамкәа рыдҵала.

Анапхгара алахәылаҩцәа Анапхгара аилатәара аныҟало аҿҳәара ианаамҭоу ирарҳәоит.

Анапхгара инанагӡоит анаҩсантәи афункциақәа:

• Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра аҽрымаданы, аус аднаулоит, еиқәнаршәоит иаку аҳәынҭқарратә аҧара-кредиттә политика ахырхарҭа хадақәа рынагӡара;

• ишьақәнарҕәҕәоит Аҧсны Абанк ашықәстәи аҳасабрба уи Апсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизареи ирзынаишьҭуеит;

• иаҧхьааиуа ашықәс азы изаамҭанытәиу ашықәс абҵара 30 иахымгакәа Аҧсны Абанк ахарџьынҵа иахәаҧшны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изынынанашьҭуеит. Аҧсны Абанк ахарџьынҵа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инашьҭымҭала Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара ишьақәнарҕәҕәоит;

• Аҧсны Абанк аилазаара ҳәаақәнаҵоит;

• Аҧсны Абанк Ахантәаҩы, Аҧсны Абанк Ахантәаҩы ихаҭыҧуаа, Аҧсны Абанк егьырҭ амаҵурауаа ирзышьақәнаргылоит рџьа ахәшәара аформақәеи изаҟароуи иахьатәи азакәанҧҵара инақәыршәаны;

• иҳәаақәнаҵоит акредиттә еиҿкаарақәа реиҭафинансркра аформақәеи, аҧҟареи, аҭагылазаашьақәеи, ироуз акредитқәа рноурылатәреи;

• аӡбарақәа рыдыркылоит:

Аҧсны Абанк аусҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи раҧҵареи раҧыхрази;

абри Азакәан ахәҭаҷ 60 инақәыршәаны, акредиттә еиҿкаарақәа рзы хымҧадатәи анормативқәа рышьақәыргыларазы;

арезервтә дҵаҟаҵарақәа рымҽхак азы;

Аҧсны Абанк анаӡынтә зыҧҵәақәа реиҭакразы;

иаарту аџьармыкьаҿы аоперациақәа рлимитқәа рышьақәыргыларазы;

жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыҟны аҽалархәразы;

Аҧсны Абанки уи аусҳәарҭақәеи, аиҿкаарақәеи, амаҵурауааи русура еиқәзыршәо аиҿкаарақәа ркапиталқәа рҽрылархәразы;

Аҧсны Абанки уи аусҳәарҭақәеи, аиҿкаарақәеи, амаҵурауааи русура аиҿкааразы еиҭамҵуа амазарақәа раахәареи рыҭиреи рзы;

иҧиоу ахыҧхьаӡаратә ҳәааркрақәа ахрархәаразы;

абанкнотқәеи амонетақәеи рҭыжьреи аикәыршараҟынтә ралгареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра ақәыршаҳаҭны иҟоу аҧарақәа рҭыжьра азеиҧш мҽхакы азы;

акредиттә организациақәа ррезервқәа рышьақәыргылара аҧҟаразы;

• Аҧсны Абанк Аҧҟаҧҵәатә капитал аиҭакразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизарахь ажәалагалақәа наргоит;

• Анапхгара аусура аҧҟара шьақәнарҕәҕәоит;

• Аҧсны Абанк аудитор хада дықәнаргылоит;

• ишьақәнарҕәҕәоит Аҧсны Абанк аҩнуҵҟатәи аилазаашьа, Аҧсны Абанк аиҵашарақәа рыҧҟарақәа, Аҧсны Абанк аиҵашарақәа рнапхгаҩцәа рахаргылашьа аҧҟара;

• Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системахь аҳәаанырцәтәи акапитал анашьҭра аҭагылазаашьа ҳәаақәнаҵоит Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа инарықәыршәаны;

• абри Азакәан иҟанаҵаз адҵа инақәыршәаны, Аҧсны Абанк анапхгара егьырҭ афункциақәа нанагӡоит.

Анапхгара лахәылаҩцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара иадепутатцәазар, ахаланапхгара аҭыҧантәи русбарҭақәа рлахәылаҩцәас, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра рлахәылаҩцәас иҟазар ҟалом.

Адепутаттә зинмчқәа, ахаланапхгара аҭыҧантәи аусбарҭақәа рлахәылаҩцәа рзинмчқәа рышьҭаҵарала, ма Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра алахәылаҩ иҧхьатәара нагӡазароуп Анапхгара алахәылаҩ амаҵура данахадыргыла аҽны инаркны мызкы иҭагӡаны, убри ашьҭахь ҿыц иахадыргылаз Анапхгара алахәылаҩ далагоит имаҵуратә уалҧшьақәа рынагӡара.

Анапхгара алахәылаҩцәа аполитикатә партиақәа иалалар, ауаажәларра-политикатәи адинтәи еиҿкаарақәеи рыҟны амаҵурақәа ныркылар ҟалом.

Анапхгара алахәылаҩцәа абри Азакәан ахәҭаҷ 87 аҟны ишьақәыргылоу ақәиҭымшәарақәа иаҵанакуеит.

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы:

• Аҧсны Абанк ахьӡала аус иуеит, гәрагарада уи аинтересқәа хаҭарнакра рзиуеит аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи аусбарҭақәеи рыбжьара, акредиттә еиҿкаарақәеи, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа реиҿкаарақәеи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи, егьырҭ аусҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи рҟны;

• Анапхгара аилатәарақәа рыҟны хантәаҩра иуеит. Абжьқәа реиҟарахара ахҭыс аан, Аҧсны Абанк Ахантәаҩы ибжьы аҧыжәара амоуп;

• Аҧсны Абанк анормативтә актқәа, Анапхгара аӡбарақәа, Анапхгара аилатәара Аҧкаанҵақәа, Аҧсны Абанк ибжьанаҵо аилаӡарақәа инапы рыҵаиҩуеит;

• Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада дақәыршаҳаҭны, амаҵура иахаиргылоит, амаҵура аҟынтә рхы иақәиҭитәуеит Аҧсны Абанк Ахантәаҩы ихаҭыҧуаа, урҭ руалҧшьақәа рзеизишоит;

• инапы рыҵеиҩуеит Аҧсны Абанк амаҵурауааи, уи анаплакқәеи, аусҳәарҭақәеи, аиҿкаарақәеи зегьы рзы ихымҧадатәу адҵақәа, ажәадҵақәа, иҟаиҵоит арбарақәа;

• Аҧсны Абанк аусуразы аҭакҧхықәра зегьы инхарҭәааны идуп;

• Аҧсны Абанк егьырҭ афункциақәа рынагӡара алиршоит абри Азакәан инақәыршәаны.

 

           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +99544-297623 Афакс: +99544-297622; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006-2008  Аҧсны Абанк