10 ҧсарк
Араӡны 925
33,94±0,31
31,1
39,0
1000-нӡа
Ахаҿратә ган:
хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк», агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп Д.И. Менделеев ихимиатә елементқәа рпериодикатә система иатәу аметалл адырга, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аиларҭәа ахкы, аҧараҧҟарҭа афирматә дырга. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьатәым ақәыҧшылара игәылгоу аҩырақәа «Аҧсны Абанк» ҳәа хә-цәаҳәакны шрифт ссала иануп, иазгәаҭоуп аҧараҧҟара ашықәс «2009».
Ашьҭахьтәи аган:
иануп акомпозициа, «Фазиль Искандер» ҳәа хагәҵәы илашьҭу ақәҩырала еиҟараны еиҩшоуп. Арыҕьарахьтәи аган иануп Ф.А. Искандер ипрофиль, армарахь – ахра ҳаракырақәеи, амшын ҿықәи, аҵлеи аӡахәеи рҽеикәыршаны. Арыҕьарахь ала исаркьаркым ақәыҧшылараҿы ихаргьежьны – аҩыра «80 шықәса».
Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Амонета "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьала иҟаҵоуп.
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р. Аҭыжьырҭа: Москватәи амонетатә шҭа (ММШ)
Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000 аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org Copyright©2006 Аҧсны Абанк