Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
 
 
             

Аҭыжьра арыцхә: рашәара 29, 2009 шықәса Акаталогтә номер - 0110010-005
     
             
Ахаҿратә хәыҧса Ахаҭашьара Аметалл, ахкы Амацәаз/адиск Азеиҧш капан,г. Аметалл цқьа аилазаара, г.еиҵамкәа Адиаметр, мм Аҿыгҳара, мм Атираж, цыра


10 ҧсарк

Ҧруф-лаиқ

Араӡны 925

33,94±0,31

31,1

39,0

 3,3±0,35

 

1000-нӡа

 
             
 

Ахаҿратә ган:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк», агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп Д.И. Менделеев ихимиатә елементқәа рпериодикатә система иатәу аметалл адыргеи, аиларҭәа ахки, хәызмоу аметалл акапанцқьа аилазаареи, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьатәым ақәыҧшылара игәылгоу аҩырақәа «Аҧсны Абанк» ҳәа хә-цәаҳәакны шрифт ссала иануп, иазгәаҭоуп аҧараҧҟара ашықәс «2009».

 
       
             
   

Ашьҭахьтәи аган:

аҧсуа шәҟәыҩҩы, апоет, аполитик Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба ипатреҭ. Апатреҭ арҕьарахь ала иҭацәу ақәыҧшылараҿы иануп аҩыра – апоет еицырдыруа ицәаҳәа. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы армарахьтә арҕьарахь ала ихаргьежьны иануп: арыцхә «1917», аҩыра «Баграт Шьынқәба» аҧсышәала, арыцхә «2004».

 
             

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьала иҟаҵоуп.

Асахьаҭыхҩы Габлиа Р.Т.

Аскульптор Ерохин В.М.

Амонета атираж 1000 цыра.

   
             
“Аҧсны иналукааша ауаа" асериа иатәу 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета «Баграт Шьынқәба»
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +99544-297623 Афакс: +99544-297622; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006-2008  Аҧсны Абанк