50 ҧсар
Ахьы 999
15,72±0,15
15,55
30,0
1000-нӡа
Ахаҿратә ган (Ҧруф-лаиқ):
хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарратә герб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 50 ҧсар ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп Д.И. Менделеев ихимиатә елементқәа р-Периодикатә система иатәу аметалл адырга, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аиларҭәа ахкы, аҧараҧҟарҭа афирматә дырга ануп. Амонета ҵаҟатәи исаркьатәым ақәыҧшылара ахәҭаҿы иануп игәылгоу аҩырақәа хә-цәаҳәакны «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала, иарбоуп аҭыжьра ашықәс «2008».
Ашьҭахьтәи аган (Антиҧруф):
исаркьатәым ақәыҧшылараҟны иарбоуп абираҟ зку аибашьҩы игәылгоу иҭеиҭыҧш, абираҟ зку аибашьҩы иҭеиҭыҧш аханы ихаргьежьны, кәаҧла еидыгоу аҩырақәа рнуп аҧсышәала: «АИААИРА», арыцхәқәа «1992», «1993». Аҩырақәеи абираҟ зку аибашьҩы исахьеи зегьы асаркьатә ҟьаҟьара рымоуп.
Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р., Ерохин В.М.
Аҭыжьырҭа: Москватәи амонетатә шҭа (ММШ)
Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000 аҭел: +99544-297623 Афакс: +99544-297622; e-mail: info@a.nb-ra.org Copyright©2006-2008 Аҧсны Абанк