Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
 

«Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа»

 

"Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Нанҳәа иазку Лых-ныха» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета.

Аҭыжьра арыцхә: ҧхынҷкәын 06, 2010 шықәса. Акаталогтә номер - 0310010-003
     
             
Ахаҿратә хәыҧса Ахаҭашьара Аметалл, ахкы Амацәаз/адиск Азеиҧш капан,г. Аметалл цқьа аилазаара, г.еиҵамкәа Адиаметр, мм Аҿыгҳара, мм Атираж, цыра


10 ҧсарк

Ҧруф-лаиқ

Араӡны 925

33,94

31,1

39,0

 3,3±0,35

 

1000-нӡа

 
 

Ахаҿратә ган:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2010».

 

 
             
   

Ашьҭахьтәи аган:

Агәҭаны иануп нанҳәа иазку Лых-ныха, арҕьарахьи армарахьи диоскураа рхылҧақәа рсахьақәа рнуп – Аҧсны аҳцәа рыҩнаҭа асимволқәа. Ихаргьежьны аҧсышәала «Нанҳәа иазку Лых-ныха» ҳәа аҩыра ануп. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи аныргылаз арыцхәқәа.

 
             

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.
Амонета атираж 1000 цыра.

   
             
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк