Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
 

«Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа»

 

"Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Елыр-ныха» захьӡу, 50 ҧсар ицо ахьтәы монета.

Аҭыжьра арыцхә: хәажәкыра 22 2013 шықәса.
Акаталогтә номер - 0320050-007
     
             
Ахаҿратә хәыҧса Ахаҭашьара Аметалл, ахкы Амацәаз/адиск Азеиҧш капан,г. Аметалл цқьа аилазаара, г.еиҵамкәа Адиаметр, мм Аҿыгҳара, мм Атираж, цыра


50 ҧсар

Ҧруф-лаиқ

Ахьы 999

15,7

15,55

30,0

 3,3±0,35

 

99-нӡа

 
 

Ахаҿратә ган:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 50 ҧсар ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2013», амонета ахатә номер.

 

 
             
   

Ашьҭахьтәи аган:

Ацқьа Гьаргь (Аергь) Елыртәи иныха асахьа ануп. Армарахь ала ацә ҧсаҭатәи «ахьырхәыга ахәымпал» ахҿа – афырхи ануп. Ихаргьежьны аҧсышәала «Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха» ҳәа аҩыра ануп. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи аныргылаз арыцхә.

 
             

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.
Амонета атираж 99 цыра.

   
             
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк