Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк)

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә система ихьыҧшымкәа ахала аҿиара иалагеит Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет жәабран 28 1991 ш. “Аҧснытәи АССР Ацентртә банк азы”, “Аҧснытәи АССР аҟны абанкқәеи абанктә усуреи рзы” ҳәа азакәанқәа анрыдыркыла инаркны, уи еиҿкаан СССР Аҳәынҭбанк Аҧснытәи ареспубликатә усбарҭа ашьаҭала. Арҭ азакәанқәа, Аҧсны аекономика аҿиара аинтересқәа ҳасабс иҟаҵаны, раҧхьаӡа акәны абанктә усҳәарҭақәа рҭахрақәа рышьақәыргыларазы алшара ҟарҵеит.

Абарҭ Азакәанқәа анрыдыркылоз аамҭазы, даҽакала иаҳҳәозар, 1991 шықәса алагамҭазы Аҧсны абанктә система СССР абанкқәа: Аҳәынҭбанк, Аҵәахырҭаҭә банк, Ааглыхргылбанк, Аграртә банк, Анхарҭа-социалтә банк Аҧснытәи ареспубликатә усбарҭақәа рыла ишьақәгылан. Акоммерциатә банкқәа раҧҵара ишақәиҭызгьы, ари апроцесс СССР азакәанҧҵарала аҭыҧ иқәырҵон. Излаҟаҵәҟьаз ала, ари абанктә система анапхгараҭара хагәҵәылатәи асхьема ала ишьақәыргылан, уи, ҳәарас иаҭахузеи, аекономика аҿиара арегионалтә интересқәа разҧхьагәаҭара алшомызт.

Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет жәабран мза 1991 шықәсазы иаднакылаз Азакәанқәа алшара ҟарҵеит арегионтә ҩаӡараҿы абанктә система аиҿкаара, ахәҭакахьала, акоммерциатә банкқәа рыкаҭақәа, урҭ аекономика хазы игоу аусхкқәа рырҿиара интересс измаз аиуристтәи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи еиҿыркаар рылшон, иара убас, иааизакны арегионқәа рҟынгьы. Аҧсны аибашьратә хҭысқәа рылагамҭазы (нанҳәа 14, 1992 ш.) абанктә система хкырацәала еилан.

Аха, Аҧсны аҵакырадгьыл аҟны  излагаз аибашьра, атәылаҿ ишьақәгылахьаз аекономикатә лшарамч хнарбгалеит, ишьақәгылахьаз абанктә система аилаҳарахь икылнагеит.

Аҧсны аҵакырадгьыл аҟны аибашьра анеилга ашьҭахь, уаанӡа аус зуаз абанкқәа рахьынтә еиқәхаз Ацентртә банки, арегионқәа рыҟны иҟаз абанкқәа ҧшьба заҵәыки роуп, урҭ рахьтә - Гагра араион аҟны – акы, Гәдоуҭа араион аҟны – ҩба, Тҟәарчал ақалақь аҟны – акы. Егьырҭ абанкқәа зегьы аҧыхын, ма иқәган.

1994 шықәса аҩнуҵҟала Аҧсны Абанк Хада иҭанаҩит акоммерциатә банкқәа 13, урҭ ироуз алицензиақәа рышьаҭала Аҧны арегионқәа зегьы рҟны аусура нападыркит: Гагра араион аҟны – “Гагра-Банк”; Гәдоуҭа араион аҟны – “Гәдоуҭа-Банк”, “Аграртә Банк”; Аҟәа араион аҟны – Аҟәатәи арегионалтә банк “Ешыра”; Аҟәа ақалақь аҟны – 5 банкк: “Аҟәа-Банк”, “Гарант-Банк”, “Башныхә-Банк”, “Тико-Банк”, “Менатеп-Сухум” (абанк “Менатеп” аҟәша ҿыга); Гәылрыҧшь араион аҟны – “Престиж”; Очамчыра араион аҟны – “Очамчыратәи акоммерциатә банк”; Гал араион аҟны – “Гал-Банк”; Тҟәарчал араион аҟны – “Тҟәарчал-Банк”. Убри ашықәс азы Аҧсны Аиҳабыра Аҵәахырҭатә банк аусура иалагарц азы азин ҟанаҵеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада жәабран 11, 1995 шықәсазтәи Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарра абанк Хада ашьаҭала иаҧҵан Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк.

Убри ашықәс азы Амилаҭтә банк аҟны еиҿкаан Аҳасабкра-кассатә центр, уи иалнаршеит абанкбжьаратә ҳасабкрақәа рҭыҧ рықәҵарала жәлар рынхамҩаҿы аҧаратә малқәа реикәыршара арццакра, иара убас абанктә системала аҧарақәа рныҟәара ахылаҧшра азура.

1995-1996 шықәсқәа рзы Амилаҭтә банк иҭанаҩит даҽа х-коммерциатә банкк: Аҟәа ақалақь аҟны – “Аҧра-Банк”, “Инвест-Банк”, Гәдоуҭа араион аҟны – “Леон-Банк”. Абасала, 1996 шықәса анҵәамҭазы Аҧсны аус руан акоммерциатә банкқәа 16, урҭ рахьтә быжьба – Аҟәа ақалақь аҟны иҟан. 1998 шықәсазы иуристтәла иҭаҩын Аҵәахырҭатә банк аусура.

Ажьырныҳәа 1, 1999 шықәсазы “Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк азы (Аҧсны Абанк)”, “Абанкқәеи абанктә усуреи рзы” ҳәа иалагалаз абанктә усуразы азакәан ҿыцқәа еиҳа конкретла иҳәаақәырҵеит абанктә система ҩ-ҩаӡарактәи асистемала аиҿкаара: Аҧсны Амилаҭтә банк – хыхьтәи аҩаӡараҿы, акоммерциатә банкқәа – аҩбатәи аҩаӡараҿы рыҟазаара, иара убас абанктә система аусӡбатәқәеи афункциақәеи, Амилаҭтә банк акоммерциатә банкқәа ирзышьақәнаргылаз, русура арегламент азыҟазҵо аекономикатә нормативқәеи егьырҭ аҟаҵарбақәеи рықәымныҟәаразы акоммерциатә банкқәа рҭакҧхықәра азҧхьагәарҭеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә система жьҭаара 1, 2009 шықәсазтәи аҭагылазаашьа абас иҟоуп: Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк), акоммерциатә банкқәа 15 (убри ахыҧхьаӡараҿы:

Аҟәа ақ. аҟны, Аҧсны Аҵәахбанк налаҵаны – 9, араионқәа рыҟны: Гагратәи – 1, Гәдоуҭатәи – 2, Аҟәатәи – 1, Гәылрыҧшьтәи – 1, Очамчыратәи – 1);

- 7 филиалк (убарҭ рахьынтә 6 – Аҧсны Аҵәахырҭатә банк аҟнытә, КБ «Аҿиара Амшынеиқәаҿтәи абанк» аҟнытә акы – Гал араион аҟны);

- 23 ҟәша АА Аҵәахырҭатә банк иатәуп, урҭ рахьтә 5 ыҟоуп Аҟәа ақ. аҟны;

- КБ «Гарант - Банк» аҟнытә ахарҭәаагатә офис 1 – Аҟәа ақ. аҟны;

- Акоммерциатә банкқәа рыҟнытә акассатә еиларс иалам аоперациатә кассақәа 9 (урҭ рахьтә Аҟәа ақ. аҟны 6, Аҵәахырҭатә банк аҟнытә Очамчыратәи араион аҟны 3);

- Акоммерциатә банкқәа рыҟнытә аиҭныҧсахларатә пунқтқәа 2 Аҟәа ақ. аҟны;

Абанктә система ҭбаа шаҳаҭра ауеит абанктә маҵзура амҽхак иахьазҳаз, уи аклиентцәа рнапынҵала абанктә операциақәа еиҳа оперативла рынагӡара иацхраауеит.

         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк