Ашәарҭадара аҟәша – анапы рылакуп аусура ашәарҭадара арежим аиқәыршәара аиҿкаара азҵаарақәа.
Акредиттә еиҿкаарақәа русуразы ахылаҧшреи агәаҭареи рыҟәша – инанагӡоит акоммерциатә банкқәа русура ахылаҧшреи агәаҭареи.
Аҳасабеилыргаратә ҳасабкреи аҳасабрбареи рыҟәша – Аҧсны Абанк аҳасабкра аоперациақәа, исистеманаркуеит афинанстә ҳасабрбара.
• Аҳасабкратә сектор – анапы алакуп абанк аклиентцәа ркассатә маҵзура.
• Акассатә операциақәа рсектор – анапы алакуп абанк аклиентцәа хықәкыла рымаҵ ауреи аҧаратә малқәа рыҵәахреи.
Аекономикатә ҟәша – анапы алакуп Аҧсны Абанк аҧара-кредиттә политика азҵаарақәа.
Аинформатизациа аҟәша – еиҿнакаауеит Аҧсны Абанк аусуразы апрограмматә еиқәыршәара, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа раларҵәара.
Аинкассациа аҟәша – еиҿнакаауеит аҧаратә хархәагақәеи егьырҭ хәызмоу амалқәеи рымҩаҧгареи иахьахәҭоу рнагареи.
Анхамҩатә ҟәша – анапы алакуп абанк анхамҩаҩнуҵҟатәи аусура азҵаарақәа.
Аусмҩаҧгарҭа – анапы алакуп абанк аҩнуҵҟа аусеилыргара азҵаарақәа.
Аҭҵаарақәеи, аинформациеи, астатистикеи рыҟәша – анапы алакуп аекономикатә ҭҵаарақәа рымҩаҧгара, инанагӡоит астатистикатә усура.
|