|
|
|
Амаҵураҭыҧ «Администратор IT – ашәарҭадара
асистемақәа рзы» |
|
Акандидат иахь адҵаҟаҵарақәа:
- абызшәақәа ASM, C, C++, PL/SQL, Visual Studio рҭагылазаашьақәа аус рыдулара, аалыҵқәа рцәаҳәа Borlnad хақәиҭрала рдырра,
- Windows API, SDK рдырра,
- алгоритмқәа рыла адырраҭарақәа ирццакны аус рыдулашьа адырра, апрограмма амашьынатә код/дамҧ анализ,
- ихымҧадатәуп TCP, UDP аҧкаанҵақәа рдырра, TCP/IP илаҟәу аҩаӡараҿы апрограммаҟаҵара (NDIS),адырраҭарақәа реишьҭанеира анапхгараҭашьа еилыкка аилкаара акаҭатә системақәа рыҟны, адырраҭарақәа/акод ршифрҟаҵашьа ралгоритмқәа рдырреи урҭ рхархәашьеи, инагӡатәу афаилқәа реилазаашьа адырра, акод асигнатура инеиҵыху аилкаара, акрипто-аналитика адырра, аналитикатә ҩаӡараҟны аинформациатә шәарҭадара рсистемақәа ахы иақәиҭны рдырра,
- PKI адокументркра арегламентқәа рдырра,
- Windows асервертә платформа, *. nix иазынархоу аоперациатә системақәа рдырра, etc.
- *nix, BASH, IP route 2, Oracle, Mysql адырраҭарақәа рышьаҭа рзы аус рыдулашьа ахархәагақәа рдырра,
- ОС Linux/FreeBSD (ELF афаилқәа, асистематә fs) хақәиҭрала рхархәашьа адырра,
- kernel апрограммаҟаҵареи (syscall ааҧхьагақәа рыррацәатәцәара, еиҭаку агәыцә амцхә еизгара) амаҵурақәеи,
- gdb ала аусура алшара,
- *nix аҟны адырраҭарақәа реишьҭанеира рнапхгараҭашьа еилыкка аилкаара,
- акриптосистемақәа, ихьчоу асистемақәа ралгоритмқәа иҧҽны рҭалара, снифер-катч-системақәа, акод ашьҭаҵара асистемақәа рстандартқәа рдырра,
- азнеира аконтроль асистема аҧҵара, анализ аҟаҵара ахылаҧшра алшара.
Арезиуме «Администратор IT – ашәарҭадара асистемақәа рзы» ҳәа арбаны, Шәара шәкоординатқәа (аҭел, аҭыӡҭыҧ) шәышьҭы E-mail ахь: et@a.nb-ra.org (аҭыҧ "Тема" иҭацәны иныжьтәуп, ацҳамҭақәа шьҭтәуп аҧошьҭатә серверқәа рыла ииашоу MX анҵамҭақәа рыла).
Хыхь еиқәыҧхьаӡоу инагӡаны ирықәшәо адҵаҟаҵарақәа иаҭаху акакәны иахәаҧштәуп.
|
|