Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
Аҧсны Абанк адырраҭара
           
 
               

Рашәара 29 2009 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит “Аҧсны иналукааша ауаа” асериала иҭыжьу “Дырмит Гәлиа”, “Самсон Ҷанба”, “Баграт Шьынқәба” захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы гәаларшәагатә монетақәа.

“Аҧсны иналукааша ауаа” асериала иҭыжьу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монетақәа (“Дырмит Гәлиа” акаталогтә № 0110010-003, “Самсон Ҷанба” акаталогтә № 0110010-004, “Баграт Шьынқәба” акаталогтә № 0110010-005, хәызмоу аметалл акапанцқьа 1 троиатәи унциак (31,1), аиларҭәа ахкы 925) ҭеиҭыҧшла игьежьуп, рдиаметрқәа 39,0 мм иҟоуп.
Амонетақәа рхаҿратәи рышьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәыршақәа рымоуп.

Зыӡбахә ҳәоу амонетақәа зегьы рхаҿратә ганқәа хыхьтәи рыгәҭақәа рыхәҭақәа асаркьатә қәыҧшылараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп “Аҧсны Абанк”, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адырга, аиларҭәа ахкы, хәызмоу аметалл акапанцқьа, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи “Аҧсны Абанк” ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны игәылгоу аҩырақәеи рҿы иарбоуп аҭыжьра ашықәс “2009”.

 

 

ахаҿратә ган

 

“Дырмит Гәлиа” амонета ашьҭахьтәи аган аҿы иануп аҧсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа ипатреҭ, армарахь ала ианырҧшуп раҧхьатәи аҧсуа алфавит адыргақәа, урҭ иларыҵакны ҩ-цәаҳәакны арыцхәқәа “1874”, “1960”. Апатреҭ аҵаҟа армарахьтә арҕьарахь аҧсышәала иануп аҩыра “Дырмит Гәлиа”.

 

ашьҭахьтәи аган

   

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета хаҭашьала “пруф-лаик” ала иҟаҵоуп.

Асахьаҭыхҩы Ҟаитан Ҭ.Д.

Аскульптор Ерохин В.М.

Амонета атираж 1000 цыра.

 

“Самсон Ҷанба” амонета ашьҭахьтәи аган аҿы иануп аҧсуа шәҟәыҩҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩы Самсон Иаков-иҧа Ҷанба ибиуст. Армарахьынтәи арҕьарахь хыхьтәи ахәҭаҿы ихаргьежьны аҧсышәала иақәҩуп “Самсон Ҷанба” ҳәа. Агәҭантәи ахәҭаҿы абиуст армарахьгьы арҕьарахьгьы иануп арыцхәқәа “1886”, “1937”.

ашьҭахьтәи аган

 

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета хаҭашьала “пруф-лаик” ала иҟаҵоуп.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Аскульптор Ерохин В.М.

Амонета атираж 1000 цыра.

 

“Баграт Шьынқәба” амонета ашьҭахьтәи аган аҿы иануп аҧсуа поет, ашәҟәыҩҩы, аполитик Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба ипатреҭ. Апатреҭ иҭацәу арҕьарахьтәи ақәыҧшылараҿы иануп аҩыра – апоет еицырдыруа ирҿиамҭа аҟнытә ацәаҳәа. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы армарахьтә арҕьарахь ихаргьежьны иануп: арыцхә “1917”, ақәҩыра “Баграт Шьынқәба” аҧсышәала, арыцхә “2004”.

ашьҭахьтәи аган

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета хаҭашьала “пруф-лаик” ала иҟаҵоуп.

Асахьаҭыхҩы Габлиа Р.Т.

Аскульптор Ерохин В.М.

Амонета атираж 1000 цыра.

 

Иҭрыжьуа амонетақәа Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы номиналтә хәыҧсала ахәшәара иазку хархәагақәоуп, урыстәылатәи амааҭқәа рыла аеквивалент ҕәҕәа рымоуп, Урыстәылатәи Афедерациа аҧарала ҧсарк 10 мааҭк иаҧсоуп.
Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи хазы игоу ауааи иаархәар рылшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.

         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк