Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
Аҧсны Абанк адырраҭара
         
 
               

Жьҭаара 01, 2012 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит «1992-1993шш. рызтәи аҧсныжәлар рџьынџьтәылатә еибашьра» асериала иҭыжьу, «Гагра ақ. aхақәиҭтәра 20 шықәса ахыҵра» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы гәаларшәагатә монета.

«1992-1993шш. рызтәи аҧсныжәлар рџьынџьтәылатә еибашьра» асериала иҭыжьу 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета (хәызмоу аметалл акапанцқьа 31,1г, аиларҭәа ахкы 925), «Гагра ақ. ахақәиҭтәра 20 шықәса ахыҵра» акаталогтә № 0210010-002 ҭеиҭыҧшла игьежьуп, адиаметр 39,0 мм иҟоуп.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәыршақәа амоуп.

               
 

ахаҿратә ган  

       
 

Хыхьтәи ахәҭа агәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк, амонета арҕьарахьтәи аган аҿы иануп афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи, иара убас уаҟа иқәыргылоуп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2012».

 

 

               
 

ашьҭахьтәи аган

       
 

Агәҭаны – ашьха «Мамзышьха» ақәыҧшылара дадубалоит ашәақь зку аҧсадгьылхьчаҩы ахҭарҧа иханы, армарахь ала - Гагра ақ. ахақәиҭтәразы аоперациа ахсаала асахьа, аҧсышәала аҩырақәа аҿыкәыршоуп: хыхь – «Афырхацәа хашҭра рықәым», ҵаҟа – адҩылақәа зну алента асахьа, акомпозициа агәҭаны – арратә фырхаҵареи Аиааиреи символра рзызуа еихыршьу аҳәақәа ҩба рҧынҵақәа рыҵарырақәа аҩада ирханы, алента иануп аҩыра: агәҭантәи aхәҭаҟны – «Гагра», нас арцхқуа: армарахь ала – «06.10.1992ш.», арҕьарахь ала – «06.10.2012ш.».

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р. Амонета атираж 500 цыра.

Аҭыжьымҭа – Гознак (РФ) Москватәи аҧараҧҟарҭа.

   

 

Иҭрыжьуа амонета Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы ахәшәара иазку хархәагоуп, уи ахаҿратә хәыҧсала урыстәылатәи амааҭқәа рыла аеквивалент ҕәҕәа амоуп, 1 ҧсарк Урыстәылатәи Афедерациа аҧарала 10 мааҭк иаҧсоуп.

Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монета аиуристтә хаҿқәеи ахаз хаҿқәеи иаархәар ҟалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.

 

         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк