Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
АҦСНЫ АБАНК АДЫРРАҬАРА
 
   
       

Рашәара 24 2013 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит "1992-1993шш. рызтәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра" асериала иҭыжьу «Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал», «Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа» захьӡу, 10 ҧсарк ицо иналк-аалкны ихьӡырку араӡынтәы гәаларшәагатә монетақәа.

"1992-1993шш. рызтәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра" асериала иҭыжьу 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монетақәа, хәызмоу аметалл акапанцқьа 31,1г, аиларҭәа ахкы 925, «Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал», «Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа» акаталогтә №№ 0260010-003, 0260010-004 ҭеиҭыҧшла игьежьуп, рдиаметр 39,0 мм иҟоуп.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәыршақәа рымоуп. Хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк, амонета арҕьарахьтәи аган аҿы иануп афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи, иара убас уаҟа иқәыргылоуп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2013».

 
           

ахаҿратә ган

       
       
           

Амонета «Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал» ашьҭахьтәи аган хыхьтәи ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы иануп акомпозициа: Хәаџьал ашьха, уи ақәыҧшылараҟны арыҕьарахь – амедал «Аҧсны Афырхаҵа» асахьа, арымарахь – аенергетикцәа рықалақь асимволқәа ируаку авольтҳаракытә шьаҟа. Агәҭантәи ахәҭаҟны аҧсышәала аҩырақәа ануп: «Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал», ақалақь анхарҭатә ҭыҧқәа рыхьӡқәа: Аҟармара, Џьанҭоу, Кәазан. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы иҭбаау адекоративтә цәаҳәа ақәыҧшылараҟны иануп ақалақь агерби ашьаҭаркра ашықәси – 1942. Ацәаҳәа ихаргьежьны акәаҧқәа аҿыкәыршоуп. Амедали агерби рсахьақәа нагӡоуп атампокьыҧхьреи иналк-аалку ахьӡыркреи рметод ала.

 

 
       

ашьҭахьтәи аган

     
   

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ахаҭашьара “пруф-лаик”.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 499 цыра.

Аҭыжьымҭа – Гознак (РФ) Санкт-Петербургтәи аҧараҧҟарҭа.

 

 

 

Амонета «Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа» ашьҭахьтәи аган хыхьтәи ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы иануп акомпозициа: ашьха ақәцәа ақәыҧшылараҟны зышьҭахьтә шьапқәа ирықәгылоу аҽы иақәтәоу аҽыуаҩ. Акомпозициа арыҕьарахь ала - амедал «Аҧсны Афырхаҵа» асахьа, арымарахь – ақалақь агерб. Ҵаҟатәи ахәҭаҟны амшын символра азызуа аорнаменттә цәаҳәа аҵаҟа аҧсышәала иануп «Гәдоуҭа» ҳәа. Ацәаҳәа инаваҵаны иакәыршаны иануп аеҵәақәеи аҧсышәала «Ақалақь-фырхаҵа» ҳәа аҩыреи. Амедали агерби рсахьақәа нагӡоуп атампокьыҧхьреи иналк-аалку ахьӡыркреи рметод ала.

 
           

ашьҭахьтәи аган

         
         

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ахаҭашьара “пруф-лаик”.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 499 цыра.

Аҭыжьымҭа – Гознак (РФ) Санкт-Петербургтәи аҧараҧҟарҭа.

 

Иҭрыжьуа амонета Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы номиналтә хәыҧсала ахәшәара иазку хархәагоуп, урыстәылатәи амааҭқәа рыла аеквивалент ҕәҕәа амоуп, Урыстәылатәи Афедерациа аҧарала ҧсарк 10 мааҭк иаҧсоуп.

Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи хазы игоу ауааи иаархәар рылшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.

 

 
         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк