Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
АҦСНЫ АБАНК АДЫРРАҬАРА
 
   
       

Цәыббра 02 2013 шықәсазы 1992-1993шш. рызтәи Аҧсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 20 шықәса ахыҵра иазкны Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит "1992-1993шш. рызтәи Аҧсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра" асериала иҭыжьу «Арӡынба В.Г.», «Дбар С.П.», «Сосналиев С.А.» захьӡу, 10 ҧсарк ицо иналк-аалкны ихьӡырку араӡынтәы гәаларшәагатә монетақәа.

Иналк-аалкны ихьӡырку араӡынтәы монетақәа «Арӡынба В.Г.» - акаталогтә № 0260010-008, «Дбар С.П.» - акаталогтә № 0260010-009,«Сосналиев С.А.» - акаталогтә № 0260010-010 ҭеиҭыҧшла игьежьуп, рдиаметр 39 мм иҟоуп, рхаҿытә хәыҧса 10 ҧсарк, хәызмоу аметалл акапанцқьа 31,1г, аиларҭәа ахкы 925, "1992-1993шш. рызтәи Аҧсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра" асериа.

Амонетақәа рхаҿратәи рышьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәыршақәа рымоуп.

Хыхь зыӡбахә ҳәоу амонетақәа зегьы рхаҿратә ганқәа агәҭа ахәҭа аҩнуҵҟатәи агьежь аҿы аеҵәатә қәыҧшылараҟны 1992-1993шш. рызтәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 20 шықәса ахыҵра аофициалтә символ ихьӡырку асахьа гәылганы иануп. Адәахьтәи ахаргьежь хыхьтәи ахәҭаҟны иануп аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи, 10 ҧсар ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса, аҭыжьра ашықәс, иара убас ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки. Арҕьарахь иануп Аҧсны Абанк агерб, монета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьарку ақәыҧшылараҟны иануп аҧсышәала аҩыра «Аҧсны Абанк» ҳәа. Аҿыкәырша инаваҵаны игәылгоу акәаҧқәа ықәыргылоуп.

 
         

ахаҿратә ган

       
       
         

Амонета «Арӡынба В.Г.» ашьҭахьтәи аган аҩнуҵҟатәи ахаргьежь аҿы иануп Арӡынба В.Г. ипрофилтә патреҭ – 1992-1993шш. рызтәи Аҧсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны Аҳәынҭқара Арбџьар мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ, Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада. Адәахьтәи ихьӡырку ахаргьежь аҟны иануп аеҵәақәа рыла иеидыгоу аҧсышәала аҩырақәа: хыхьтәи ахәҭаҿы – аҩыра “Аҧсны Аҳәынҭқарра”, ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аҩыра “Аиааира”, арыцхәқәа “1993”, “2013”. Ахаргьежь ала аҿыкәырша инаваҵаны игәылгоу акәаҧқәа ықәыргылоуп.

 

 
       

ашьҭахьтәи аган

     
   

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп “ҧруф-лаиқ” ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 499 цыра.

 

 

 

Амонета «Дбар С.П.» ашьҭахьтәи аган аҩнуҵҟатәи ахаргьежь аҿы иануп Дбар С.П. ипрофилтә ипатреҭ – Аинрал-маиор – Аҧсны Аҳәынҭқара Арбџьар мчқәа Рыштаб хада Аиҳабы 1992-1993шш. рызтәи Аҧсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан, иара убас аҩыра “Дбар С.П.”. Адәахьтәи ихьӡырку ахаргьежь аҟны иануп аеҵәақәа рыла иеидыгоу аҧсышәала аҩырақәа: хыхьтәи ахәҭаҿы – аҩыра “Аҧсны Аҳәынҭқарра”, ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аҩыра “Аиааира”, арыцхәқәа “1993”, “2013”. Ахаргьежь ала аҿыкәырша инаваҵаны игәылгоу акәаҧқәа ықәыргылоуп.

     

ашьҭахьтәи аган

   
   

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп “ҧруф-лаиқ” ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р., Иванба В.Е.

Амонета атираж 499 цыра.

 
 

 

 

Амонета «Сосналиев С.А.» ашьҭахьтәи аган аҩнуҵҟатәи ахаргьежь аҿы иануп Сосналиев С.А. ипрофилтә патреҭ – Аинрал-маиор – 1992-1993шш. рызтәи Аҧсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны Аҳәынҭқара Атәылахьчара аминистр, иара убас аҩыра “Сосналиев С.А.”. Адәахьтәи ихьӡырку ахаргьежь аҟны иануп аеҵәақәа рыла иеидыгоу аҧсышәала аҩырақәа: хыхьтәи ахәҭаҿы – аҩыра “Аҧсны Аҳәынҭқарра”, ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аҩыра “Аиааира”, арыцхәқәа “1993”, “2013”. Ахаргьежь ала аҿыкәырша инаваҵаны игәылгоу акәаҧқәа ықәыргылоуп.

     

ашьҭахьтәи аган

   
   

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп “ҧруф-лаиқ” ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р., Каитан Т.Д.

Амонета атираж 499 цыра.

 
 

 

Иҭрыжьуа амонета Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы номиналтә хәыҧсала ахәшәара иазку хархәагоуп, урыстәылатәи амааҭқәа рыла аеквивалент ҕәҕәа амоуп, Урыстәылатәи Афедерациа аҧарала ҧсарк 10 мааҭк иаҧсоуп.

Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи хазы игоу ауааи иаархәар рылшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.

 

 
         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк