Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
Аҧсны Абанк адырраҭара
       
 
             

Абҵара 16 2009 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит 25 ҧсар ицо ахьтәы инвестициатә монета «Нарҭ». 25 ҧсар ицо ахьтәи инвестициатә монета «Нарҭ» (хәызмоу аметалл акапнцқьа 7,8г, аиларҭәа ахкы 999, акаталогтә № 0320025-001) адиаметр 22,6 мм иҟоу агьежь аформа амоуп.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Ахаҿратә ган аҟны агәҭаны Аҧсны Аҳәынҭқарра агерб ануп, уи иахыкәыршоуп аҧсышәала аҩырақәа: 25 ҧсар ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса, ҵаҟа: «Аҧсны Абанк», уи аҵаҟа армарахь ала – амонетатә шҭеи атауартә дыргеи ахьӡынҵеи, агәҭаны - аҭыжьра ашықәс "2009", арҕьарахь ала – иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адырга, аиларҭәа ахки аметалл ахимиатә цқьара аилазаашьеи.

             
 

ахаҿратә ган  

         
         
             

Ашьҭахьтәи аган аҟны дануп аҽы иақәтәоу анарҭ иҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Нарҭ».

             
 

ашьҭахьтәи аган

         
       

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ахаҭашьара "анциркулеиҭед".

Асахьаҭыхҩы Габлиа Р.Ҭ.

Аскульптор Ерохин В.М.

Амонета атираж 1000 цыра.

   

 

Иҭрыжьуа амонета Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы номиналтә хәыҧсала ахәшәара иазку хархәагоуп, урыстәылатәи амааҭқәа рыла аеквивалент ҕәҕәа амоуп, Урыстәылатәи Афедерациа аҧарала ҧсарк 10 мааҭк иаҧсоуп.

Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк аинвестициатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи ахазхаҿқәеи иаархәар рылшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.

 

Нарҭаа репос – анык илыхшаз, зиааира алымшоз, шәҩык адоумыжьхақәа-нарҭаа ирызку, аҧсуаа иаҧырҵаз ажәытәӡатәи фырхаҵаратә ҳәамҭоуп.  

 

 

         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк