Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
Аҧсны Абанк адырраҭара
 
 
     

Жәабран 15, 2012 2010 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит "Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Нанҳәа иазку Дранда-ныха», «Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха», «Нанҳәа иазку Лых-ныха», «Нанҳәа иазку Мықә-ныха», «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха», «Ацқьа Мариа Нцәадзыхшааз илызку Бедиа ныха», «Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха» захьӡу, 10 ҧсарк ицо иалҧшааны ихьырку араӡынтәы гәаларшәагатә монетақәа.

"Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" рсериала иҭыжьу 10 ҧсарк ицо иалҧшааны ихьырку араӡынтәы монетақәа (хәызмоу аметалл акапанцқьа троиатәи унциак (31,1г), аиларҭәа ахкы 925, «Нанҳәа иазку Дранда-ныха» акаталогтә № 0360010-001, «Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха» акаталогтә № 0360010-002, «Нанҳәа иазку Лых-ныха» акаталогтә № 0360010-003, «Нанҳәа иазку Мықә-ныха» акаталогтә № 0360010-004, «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха» акаталогтә № 0360010-005, «Ацқьа Мариа Нцәадзыхшааз илызку Бедиа-ныха» акаталогтә № 0360010-006, «Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха» акаталогтә № 0360010-007) ҭеиҭыҧшла игьежьуп, адиаметр 39,0 мм иҟоуп.

Амонетақәа рхаҿратәи рышьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәыршақәа рымоуп.

Хыхь зыӡбахә ҳәоу амонетақәа зегьы рхаҿратә ганқәа хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2011».

 

ахаҿратә ган

 

Амонета «Нанҳәа иазку Дранда-ныха» ашьҭахьтәи аган аҟны агәҭаны иануп нанҳәа иазку Дранда-ныха, армарахь ала аныха зыргылаз Византиа аимператор Иустиниан Дуӡӡа исахьа ануп, арҕьарахь ала – драндатәи аџьар асахьа.
Ихаргьежьны аҧсышәала «Нанҳәа иазку Дранда-ныха» ҳәа аҩыра ануп.
Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи аныргылаз арыцхә.

 

ашьҭахьтәи аган

       

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 500 цыра.

 

Амонета «Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха» ашьҭахьтәи аган агәҭаны Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха асахьа ануп. Армарахь ала аныха идәылырго аџьар асахьа ануп, арҕьарахь ала Аҧсны акатоликос имитра ануп. Ихаргьежьны аҧсышәала «Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха» ҳәа аҩыра ануп.
Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи андыргылаз арыцхә.

ашьҭахьтәи аган

     

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 500 цыра.

 

Амонета «Нанҳәа иазку Лых-ныха» ашьҭахьтәи аган агәҭаны нанҳәа иазку Лых-ныха ануп, арҕьарахьи армарахьи диоскураа рхылҧақәа рсахьақәа рнуп – Аҧсны Аҳцәа рыҩнаҭа асимволқәа. Ихаргьежьны аҧсышәала «Нанҳәа иазку Лых-ныха» ҳәа аҩыра ануп.
Ҵаҟатәи ахәҭаҟны – аныха асахьа иаҵаҩуп уи андыргылаз арыцхәқәа.

ашьҭахьтәи аган

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 500 цыра.

 

Амонета «Нанҳәа иазку Мықә-ныха» ашьҭахьтәи аган агәҭаны нанҳәа иазку Мықә-ныха ануп. Армарахь ала идәылырго аныха аџьар асахьа ануп, арҕьарахь ала мықәтәи архиепископтә кафедра Аевангелие асахьа ануп. Ихаргьежьны аҧсышәала «Нанҳәа иазку Мықә-ныха» ҳәа аҩыра ануп.

Ҵаҟатәи ахәҭаҟны – аныха асахьа иаҵаҩуп уи андыргылаз арыцхә.

               

ашьҭахьтәи аган

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 500 цыра.

 

Амонета «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха» ашьҭахьтәи аган агәҭаны Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха асахьа ануп, армарахьтәи хыхьтәи акәакь аҟны иануп Ацқьа Симон Кананит символра изызуа аџьари аӡҭрақәеи. Ихаргьежьны аҧсышәала «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха» ҳәа аҩыра ануп.

Ҵаҟатәи ахәҭаҟны – аныха асахьа иаҵаҩуп уи андыргылаз арыцхәқәа.

 

ашьҭахьтәи аган

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 500 цыра.

 

Амонета «Ацқьа Мариа Нцәадзыхшааз илызку Бедиа ныха» ашьҭахьтәи аган агәҭаны Ацқьа Мариа Нцәадзыхшааз илызку Бедиа ныха асахьа ануп, армарахь ала – иҧсҭаҵагоу бедиатәи аџьар, арҕьарахь ала – бедиатәи ахьтәы аҿа – потир. Ихаргьежьны аҧсышәала «Ацқьа Мариа Нцәадзыхшааз илызку Бедиа ныха» ҳәа аҩыра ануп.

Ҵаҟатәи ахәҭаҟны – аныха асахьа иаҵаҩуп уи андыргылаз арыцхә.

ашьҭахьтәи аган

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 500 цыра.

 

Амонета «Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха» ашьҭахьтәи аган агәҭаны Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха асахьа ануп. Армарахь ала ацә ҧсаҭатәи «ахьырхәыга хәымпал» ахҿа – афырхи ануп. Ихаргьежьны аҧсышәала «Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха» ҳәа аҩыра ануп.

Ҵаҟатәи ахәҭаҟны – аныха асахьа иаҵаҩуп уи андыргылаз арыцхә.

ашьҭахьтәи аган

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 500 цыра.

Иҭрыжьуа амонетақәа Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы ахәшәара иазку хархәагоуп, урҭ рхаҿратә хәыҧсала урыстәылатәи амааҭқәа рыла аеквивалент ҕәҕәа рымоуп, 1 ҧсарк Урыстәылатәи Афедерациа аҧарала 10 мааҭк иаҧсоуп.

Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи ахаз хаҿқәеи иаархәар ҟалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.

         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк