Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
АҦСНЫ АБАНК АДЫРРАҬАРА
   
 
       

Рашәара 24 2013 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит "Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Афон-Ҿыцтәи ауахәама» захьӡу, 100 ҧсарк ицо иналк-аалкны ихьӡырку араӡынтәы гәаларшәагатә монета.

"Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу 100 ҧсарк ицо ихьӡырку араӡынтәы монета (хәызмоу аметалл акапанцқьа 155,5г, аиларҭәа ахкы 925) «Афон-Ҿыцтәи ауахәама» акаталогтә № 0360100-008 ҭеиҭыҧшла игьежьуп, адиаметр 60 мм иҟоуп.

Амонетақәа рхаҿратәи рышьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәыршақәа рымоуп.

Хыхьтәи агәҭантәи ахәҭа исаркьаркым ақәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа хьӡыркны игәылганы иануп, уи ахаҟны - ақьырсиантә орнамент. Хыхь исаркьарку ақәыҧшылараҟны аҧсышәала ихаргьежьны иануп «Аҧсны Абанк» ҳәа. Агерб арымарахьи арыҕьарахьи иануп асолиартә дыргақәеи, иара убас аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи, ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки ахьықәыргылоу ахьӡынҵеи.

Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылараҟны аҧсышәала иануп аҩырақәа: «Анаҟәаҧиа - Афон Ҿыц», амонета ахаҿратә хәыҧса «100 ҧсарк», аҭыжьра ашықәс «2013».

           
 

ахаҿратә ган

       
       
           

Амонета ашьҭахьтәи аган асаркьатә қәыҧшылара змоу аганеиҟара џьар асахьа ануп, уи адиагоналтә кәакьқәа исаркьаркым рқәыҧшылараҟны иануп ажәытә џьарқәа игәылгоу рсахьақәа. Аџьар агәҭаны ашьҭахьтәи ахәҭаҿы исаркьарку ақәыҧшылараҟны – Афон-Ҿыцтәи ауахәамеи Вифлеемтәи аеҵәеи рсахьа. Аҧхьатәи ахәҭаҿы агәҭаны – Анцәа иан (агәашәхьчаҩы) лхаҿсахьа аныха асахьа, арымарахь – апостол Симон Кананит исахьа, арыҕьарахь – аҧшьа Пантелеимон-ахәшәтәҩы исахьа. Аныха аҵаҟа аунциалтә ҩырала инагӡоу ауахәама ахьӡи уи ашьаҭаркра арыцхәи азырбо аҩыра аҵаҩуп. Амонета аелементқәа: аныха, акуполқәа, аҽыкәаҳақәа нагӡоуп атампокьыҧхьреи иналк-аалку ахьӡыркреи рметод ала.

 

           
 

ашьҭахьтәи аган

       
     

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ахаҭашьара “пруф-лаик”.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 999 цыра.

Аҭыжьымҭа – Гознак (РФ) Санкт-Петербургтәи аҧараҧҟарҭа.

 

Иҭрыжьуа амонета Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы номиналтә хәыҧсала ахәшәара иазку хархәагоуп, урыстәылатәи амааҭқәа рыла аеквивалент ҕәҕәа амоуп, Урыстәылатәи Афедерациа аҧарала ҧсарк 10 мааҭк иаҧсоуп.

Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи хазы игоу ауааи иаархәар рылшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.

 

         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк