Новости

2020 ш. ауаатәҩсатә хаҿқәа рыла Аҧснынтәи аҧареиҭагара иартәеит 5,4 млрд мааҭ

23-02-2021 15:30

2020 шықәса аҩныҵҟа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟнытә ааигәатәии харатәии аҳәаанырцәтә тәылақәа рышҟа аҧаратә еиҭагара асистемақәа («CONTACT», «Золотая Корона», «Юнистрим») рыла еиҭаган 5 442,2 млн мааҭ, ари 2019 ш. рзы аасҭа 0,6% еиҵоуп.

Атәылаҟнытә аҧаратә еиҭагарақәа реилазаараҟны иреиҳау акапанхәҭа Урыстәылатәи Афедерациахь идәықәҵоу аиҭагарақәа рыхәҭаа иаҵанакуеит. Уи иартәеит – 4 352,6 млн мааҭ мамзаргьы 80,0%. Абжьаратәи Азиа атәылақәа рахь имҩаҧгоу аиҭагарақәа 2020 шықәсазы идыртәеит 596,8 млн мааҭ. (11,0% азеиҧш еицҵалыҵ аҟнытә, убрахь иналаҵаны Узбекисҭан – 450,7 млн мааҭ. (8,3%), Ҭаџьикисҭан – 141,3 млн мааҭ. (2,6%). Ҭырқәтәылаҟа ишьҭыз аҧаратә еиҭагарақәа 2020 шықәсазы идыртәеит 358,4 млн мааҭ мамзаргьы 4,6% ахыҧхьаӡаларҭақәа раартрада ауаатәҩсатә хаҿқәа имҩаҧыргаз аҧаратә еиҭагарақәа рзеиҧш мҽхакы аҟнытә.

Аҧсны Аҳәынҭқаррахь ауаатәҩсатә хаҿқәа аҧаратә еиҭагара асистемақәа рыла ахыҧхьаӡаларҭақәа раартрада 2020 шықәсазы иҟарҵаз аҧаратә еиҭагарақәа рзеиҧш мҽхакы иартәеит 932,3 млн мааҭ, 2019 шықәса иаҿырҧшны уи иазҳаит 1,2%.

Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иҟаҵоу аҧаратә еиҭагарақәа реилазаараҟны иреиҳау акапанхәҭа ааныркылоит Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә иҟаҵаз аиҭагарақәа, иагьартәоит – 856,1 млн. мааҭ мамзаргьы 91,8%. ИАР (СНГ) рыҟнытә иҟаҵаз аиҭагарақәа рыхәҭаа иартәеит 41,0 млн мааҭ мамзаргьы 2020ш. ареспубликахь иааз азеиҧш мҽхакы аҟны 4,4%. Харатәи аҳәаанырцә тәылақәа рыҟнытә аиҭагарақәа рзеиҧш хәҭаа иартәеит – 3,8%.

Ашәатәтәы система аилазаараҟны еиҳауп «CONTACT» асистемала имҩаҧгоу, уи ахәҭаа иартәеит Аҧснынтә имҩаҧгоу аҧаратә еиҭагарақәа рахьтә 80,0%, иара убас арахь иалагалоу аҧаратә еиҭагарақәа рымҽхак аҟнытә 32,8%. Убри аан ашәатәтәы система «Золотая Корона» аҧхьагыларатә позициа шамоу иаанхоит Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иҟаҵоу аҧареиҭагарақәа рыла, иагьартәоит – 60,6% иалагалоу аиҭагарақәа рзеиҧш еицҵалыҵ аҟнытә.

2020 ш. ауаҩытәҩсатә хаҿы Аҧснынтә иҟаиҵз аҧаратә еиҭагарак абжьаратә еицҵалыҵ иартәоит 26,1 нызқь мааҭ, убасҟан арахь иалагалоу абжьаратә еицҵалыҵ иартәеит – 21,9 нызқь мааҭ.