Новости

2020 ш. урыстәылатәи ашәатәтәы система «Мир» акартақәа рыла аоперациақәа рымҽхак 1.2 млрд. мааҭ еиҳахеит

25-12-2020 19:45

Сынтәатәи ашықәс азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа активла рхы иадырхәеит урыстәылатәи амилаҭтә шәатәтәы система «Мир» акартақәа.

2020 ш. «Мир» акартақәа рыла Аԥсны адгьылҵакыраҟны имҩаԥгоуп 1.2 млрд. мааҭ инареиҳаны рыхә аоперациақәа, ари 2019 ш. арбагақәа раасҭа хынтә еиҳауп (408 млн. мааҭ.).

Акарта зку урыстәылатәи ауааԥсыра имҩаԥыргаз атранзакциақәа реилазаараҟны напынҵалатәи аԥаратә операциақәа рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп 69, атауари амаҵзурақәеи рыхәԥса ашәаразы аоперациақәа рыхәҭаа - 31% артәеит.

Иара убас ашәатәтәы системақәа «Мир»-и «АԤРА»-еи реидҵара ахыркәшара иабзоураны Аԥсны атәылауаа ашәатәтәы картақәа АԤРА-еи «World»-и  Аԥсны анҭыҵи Урыстәылатәи Афедерациа ашәатәтәы инфраструктураҟны рхы иадырхәартә иҟалеит.

Акарта АԤРА зку 2020 ш. Урыстәылатәи Афедерациаҟны имҩаԥыргаз аоперациақәа рымҽхак иартәеит 40 млн. мааҭ, уи ҵыԥхтәи ашықәс арбагақәа 20-нтә иреиҳахеит (2 млн. мааҭк.)

Акарт АԤРА «World» зку 2020 ш. Урыстәыла 170 қалақь рыҩныҵҟа аоперациақәа мҩаԥыргеит.