Новости

2020 шықәса цәыббрамзазы урыстәылатәи акартақәа рыла атранзакциақәа реикәшара 1 млрд мааҭк еиҳахеит

06-10-2020 17:45

2020 шықәса цәыббрамзазы урыстәылатәи абанк-емитантқәа ркартақәа рыла АҦРА ашәатәтәы инфраструктура ала имҩаҧган 1, 004 млрд мааҭ рыхә аоперациақәа. Арҭ арбагақәа 2019-тәи ашықәс иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар, 47,4% рыла еиҳахеит.

Абри аан аҳасабырбатә мзазы аоперациақәа иреиҳаӡоу рымҽхак иартәеит 48,2 млн мааҭ.

Ҵыҧх уажәааны 2019-тәи ашықәс иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар, ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы аҽаҧсахит урыстәылатәи акартақәа зку имҩаҧырго атранзакциақәа реилазаара.

Атауарқәеи амаҵзурақәеи абанктә операциақәа рыла рыхәҧса ашәаразы аоперациақәа рыхәҭаа иартәазар 60,1% (603,9 млн мааҭ.), абанктә картақәа рыҟнытә напынҵатәи аҧаратә хархәагақәа рылхразы иартәеит - 39,9% (400,5 млн мааҭ.) Абри аамҭазы 2019 шықәсазы имҩаҧгаз атранзакциақәа реилазаараҟны еиҳан напынҵатәи аҧаратә хархәагақәа рылхразы атранзакциақәа – 54,0%.

2020 шықәса жьҭаарамза 1 азы АҦРА аҟны ашәҟәы иҭагалоуп ареспублика ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны абанктә картақәа рыдкылара иазку 2 503 pos-терминалтә хархәага.