Новости

2021 шықәса актәи ашықәсбжазы Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аԥаратә хархәагақәа рааира 6,6 млрд мааҭ рыла иазҳаит

22-07-2021 13:20

Аԥсны Аҳәынҭқарра абанктә системала имҩаԥысыз Аԥаратә хархәагақәа аҳәаанырцәынтә реикәшара 2021 шықәса актәи ашықәсбжазы амааҭтә еквивалентла иартәеит 37,3 млрд мааҭ, ари 2020 шықәсазтәи ҳазҭагылоу аамҭа инақәыршәаны иҟаз арбагақәа раасҭа 12,8 млрд мааҭ. (52%) рыла еиҳауп. Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аԥаратә хархәагақәа абанктә системала рааира иартәеит 19,5 млрд мааҭ, атәыла иалҵны ицаз аԥаратә хархәагақәа – 17,8 млрд мааҭ. Абасала, аԥаратә хархәагақәа реиҭаҵра иҵоуроу асальдо (ацәынха) иартәеит 1,7 млрд мааҭ.

2020 шықәсазы абри аамҭазы аԥаратә хархәагақәа реиҭаҵра иҵоурам асальдо (ацәынха) 1,3 млрд мааҭ иаҟаран. (ааира – 11,6 млрд мааҭ., алҵра – 12,9 млрд мааҭ.). 2020 шықәса актәи ашықәсбжазы аекономикатә ҿиара алаҟәра еиҳарак изыхҟьаз аҿкычымазара COVID-19 алаҵәара инамаданы аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа ахысраҟны иалагалаз аԥкрақәа роуп.

2021 шықәса актәи ашықәсбжазы ихадоу шәатәтәы валиутаны иҟан аурыс ԥара, уи аҳәаанҭыҵтәи аоперациақәа рзеиԥш мҽхакы аҟнытә иартәеит 87,1%, ЕАА рдоллар – 7,5%, аевро – 4,0%, гьырҭ – (аиапон иена, акитатә иуань, аҭырқәа лира) - 1,4%.