Новости

2022 ш. АҧРА ала атранзакциақәа реикәшара иартәеит 30,2 млрд мааҭ

30-01-2023 11:45

Амилаҭтә шәатәтәы система АҧРА ашәатәтәы инфраструктурала имҩаҧгаз атранзакциақәа рымҽхак 2022 шықәсазы ҵыҧхтәи ашықәс иаҿырҧшны иазҳаит 19,0% рыла, мамзаргьы 4,9 млрд мааҭ рҟынӡа. Аҧсны иахьаҵанакуа абанктә картақәа зку имҩаҧыргаз аоперациақәа рзеиҧш еицҵалыҵ иартәеит 30,2 млрд мааҭ. Инагӡаз аоперациақәа реилазаараҟны АҧРА акартақәа рыхәҭаа иаҵанакуеит 45,0%, ЖӘАС акартақәа – 33,0 %, ашәатәтәы система «Мир» – 22,0%.

Урыстәылатәи акартақәа «Мир» ала Амилаҭтә шәатәтәы система АҧРА аҟны атранзакциақәа рымҽхак иазҳауеит есааира: 2022 ш. «Мир» акартақәа рыла имҩаҧгаз аоперациақәа рымҽхак иартәеит 6,7 млрд мааҭ, шықәсык уи аҧхьа ари арбага иартәеит 2,9 млрд мааҭ. 

Абанктә картақәа зку атауари, аусуреи, амаҵзурақәеи рыхәҧса рыхшәаара еиҳа активла имҩаҧысуа иалагеит, уи шаҳаҭра азыруеит напынҵадатәи аоперациақәа рырбагақәа реизҳара. 2022 ш. аихшьалақәа рыла абанктә картақәа рыла атауари амаҵзурақәеи рыхәҧсақәа рыхшәааразы напынҵадатәи аоперациақәа рымҽхак  иазҳаит 38,0% рыла, иагьартәеит 9,4 млрд мааҭ. Ареспублика ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны акартақәа рыла иҟарҵаз ахәшәарақәа рзеиҧш еицҵалыҵ иартәеит 5,7 млрд мааҭ. Акарта «Мир» зку рнапынҵадатәи аоперациақәа рымҽхак иартәеит   3,1 млрд мааҭ. АҧРА акарта ала имҩаҧгоу напынҵадатәи аоперациақәа рымҽхак иазҳаит 43,3%, ҵыҧхтәи ашықәс иаҿырҧшны иагьартәеит 621,4 млн мааҭ. АҧРА акарта зку бжьаратәла есҽны иҟарҵо аахәарақәа рыхәҧса рзеиҧш еицҵалыҵ иартәеит 1,7 млн мааҭ.

 Аҧаратә ииагарақәа рсистема «Contact» ала АҧРА акартақәа рахь аиагарақәа рымҽхак иазҳаит 2,8% рыла, иагьартәеит 29,8 млн мааҭ. «Мир» акартақәа рыла АҧРА «World» акартақәа рахь атрансҳәаатә аиагарақәа (P2P) рымҽхак аҳасабырбатә шықәсазы иартәеит 143,4 млн мааҭ. (2021 шықәсазы 15 млн маат).

Иарбоу аамҭахҵәахазы абанктә картақәа рыдкылара иазку аинфраструктура арҭбааразы аусура иацҵоуп. АШӘС АҧРА иалахәу абанкқәа ишьақәдыргылеит 645 POS-терминалтә мыруга ареспублика ахәаахәҭра-сервистә наплакқәа рыҟны, 40 ATM (банкомат). 2023 ш. ажьырныҳәамза 1 азы Аҧсны иахьаҵанакуа абанктә картақәа зку рымаҵ ауеит 3 954 мыруга рыла ишьақәгылоу аинфраструктура, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп 168 АТM (банкомат), 3 659 POS-терминали 130 ПВН-терминали.