Новости

2022 шықәса 1-тәи ашықәсбжазы Амилаҭтә шәатәтәы система аусушьа атәы

13-09-2022 14:15

Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны АШӘС аҟны 2022 шықәса 1-тәи ашықәсбжазы атранзакциақәа рымҽхак иартәеит 12 396,5 млн. мааҭ., ари 17,6% рыла еиҳауп 2021 шықәсазтәи аамҭазы аасҭа.

Зыӡбахә ҳамоу аамҭазы аекваирингтә операциақәа реилазаараҟны 47,9% АҧРА акартақәа рхархәарала имҩаҧысуа аоперациақәа рыхәҭаа иаҵанакуеит, 52,1% - жәларбжьаратәи ашәатәтәы системақәа ркартақәа.

2022 шықәса 1-тәи ашықәсбжазы ЖӘАС акартақәа рхархәарала аоперациақәа реилазаараҟны аҭыҧ ду ааныркылоит ашәатәтәы система МИР акартақәа рхархәарала имҩаҧысуа аоперациақәа. Урҭ рыла атранзакциақәа рымҽхак иартәеит  2 092,9 млн мааҭ. (32,5% ЖӘАС аҟн.). 2022 шықәса 1-тәи ашықәсбжазы ЖӘАС акартақәа рхархәарала имҩаҧысуаз аоперациақәа реилазаараҟны еиҳа ҭыҧ рымоуп ашәатәтәы система МИР акартақәа рхархәарала имҩаҧысуа аоперациақәа.

Ахәахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны (АИН) напынҵадатәи аоперациақәа реилазаара анализ иунарбоит 2022 шықәса 1-тәи ашықәсбжазы ашәатәтәы картақәа рхархәарала зыхә зыхшәааз атауарқәеи амаҵзурақәеи рзеиҧш мҽхакы ишартәаз 3 395,2 млн мааҭ. Ҵыҧхтәи ашықәс иадкыланы аизҳацҵа иартәеит +31,1%, ари ареспублика ашәатәтәы инфраструктура иамаз аҭбаахара ахырхарҭа аиқәхареи ахшәаарақәа раан гәацҧыҳәарала абанктә картақәа хархәара ахьрыҭази ирыбзоуроуп хәҭакала.

Ашәатәтәы система аинфраструктура АРА шьақәгылоуп 3 606 терминалтә мыругала, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп: 153 мыруга – АТМ АҧРА (банкомат); 120 мыруга – POS ПВН АҧРА; 3 333 мыруга – АҧРА POS-терминалқәа.

Ахәахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны (АИН) напынҵадатәи аоперациақәа реилазаараҟны 2022 шықәса 1-тәи ашықәсбжазы ЖӘАС акартақәа рхархәарала атранзакциақәа рыхәҭаа иаҵанакуеит 91,9%, иара убас  МИР акартақәа рыла – 29,1%, АҧРА акартақәа рыла – 8,1%.