Новости

2022 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иааиз аҧаратә хархәагақәа идыртәеит 63,1 млрд мааҭ.

13-02-2023 10:56

2022 шықәсазыАҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системала имҩаҧысыз атрансҳәаатә еикәшара амааҭтә еквивалент ала иартәеит 123,7 млрд мааҭ, ари 2021 шықәсазтәи арбагақәа 26,1 млрд мааҭ (27%) рыла еиҳауп.

Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иааиуа аҧаратә хархәагақәа идыртәеит 63,1 млрд мааҭ, атәыла иалҵны ицаз иартәеит 60,6 млрд мааҭ. Абасала, аԥаратә еиҭаҵра асальдо иҵоуроу аҵакы аман, уи иартәеит – 2,5 млрд мааҭ. 

Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системала иааиз аҧаратә хархәагақәа реилазаара:

  • Аҧсны Аҳәынҭқарра иаарту акредиттә еиҿкаарақәа рыҟны аиуристтә хаҿқәа, Хазхаҭалатәи анаплакҩцәа, ауаҩытәҩсатә хаҿқәа ршәатәбӷьыцқәа рышҟа – 36,5 млрд мааҭ;

  • АШӘС «АҧРА» аинфраструктураҟны урыстәылатәи абанктә картақәа зку роперациақәа – 16,6 млрд мааҭ.;
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра абиуџьет ашҟа урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахыҧхьаӡалара Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара, абиуџьеттә инвестициақәа рымҩаҧгара, аинвестициатә усура адгылара аҭара уҳәа уб.егь. хықәкыс иҟаҵаны - 5,7 млрд мааҭ;
  • Урыстәылатәи атәанчара ааимҭа – 3,8 млрд мааҭ.
  • Аҧара аиагара асистемала ахыҧхьаӡаларақәа – 0,5 млрд мааҭ.

2022 шықәсазы ашәатәы валиута хадақәаны иаанхоит урыстәылатәи амааҭ, уи иаҵанакуеит атрансҳәаатә операциақәа рзеиҧш мҽхакы аҟнытә 93,7%, ЕАА рдоллар      – 5,5%,  евро – 0,6%, егьырҭ – (иапониатәи иена, китаитәи иуань, аҭырқәа лира) – 0,2

Аҧсны Аҳәынҭқарра анҭыҵ иаарту акорреспондентә хыҧхьаӡаларҭақәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системаҟны имҩаҧысуа аҧаратә хархәагақәа реиҭаҵразы адырраҭарақәа: