Новости

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк алаҳәара ҟанаҵоит агәаларшәагатә монета «Диоскуриада» шыҭнажьыз азы

18-03-2025 20:29

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк алаҳәара ҟанаҵоит агәаларшәагатә монета «Диоскуриада» шыҭнажьыз азы

Атираж: 100 000 цыра.
Агәҭаӡа: 22,00+0,25-0,05
Алых: Аџыр аџьазшкәакәатә гальванхҟьала
Аҭыжьымҭа амасса: 5,00±0,15 г.
Ахаҿратә хәыҧса: 1 апсарк
Ахаҭашьара: Анциркулеитед
Асахьаҭыхҩы: Џьапуа Б.Р.
Аҭыжьра арыцхә: 20.03.2025 ш.
Акаталогтә номер: 0130

Аверс. Хыхь агәҭатәи ахәҭаҟны асаркьатә қәыԥшылараҿы иануп Аԥсны Аҳәынҭқарратә герб арельефтә сахьа, уи аҵаҟа  аԥсышәала аҩыра «Аԥсны абанк» ҳәа, агерб ахыхь ихаргьежьны иарбоуп амонета ахаҿратә хәыԥса: 1 ԥсарк. Арыӷьарахьтәи ахәҭаҟны – Москватәи амонетатә шҭа адырга. Амонета аладатәи ахәҭаҟны иануп арельефтә ҩырақәа иссоу шрифтла «Аԥсны абанк» ҳәа хә-цәаҳәакны, иара убас иҭаԥыҟҟаны ианычаԥаз ашықәс «2025». 
Реверс. Агәҭантәи ахәҭаҿы иануп ажәытәӡатәи Диоскуриада абҩатә монета асахьа (иахьатәи Аҟәа аҭыԥаҟны иҟаз) – ҳ.ҟ. II ашә. анҵәамҭа I ашә. алагамҭа иаҵанакуа дихалк. Асахьа агәҭатәи сиужетны иаарԥшуп «Ахьтәы уасцәа» иашьҭаз аргонавтцәа ирылаз амифтә персонажцәа – аишьцәа Диоскураа рхылԥақәа. Ахылԥақәа рхыхь ф-шәыхәак змоу «понтиатәи» аеҵәақәа арбоуп. Амонета асахьа иаакәыршаны кәаԥ-кәапла иҩу аорнамент анҵоуп.