Акредиттә еиҿкаарақәа 2022 шықәсазы еизаку рфинанстә лҵшәа (аҳасабеилыргаратә хашәала) иартәеит 77,9 млн мааҭ. 2021 шықәса иаҿырԥшны 2,3 –нтәы иазҳаит (43,3 млн мааҭ.рыла).
Акредиттә еиҿкаарақәа 2021-2022 шш. рфинанстә лҵшәа (млн.мааҭла) (ахашәала/ацәыӡ)
Акредиттә еиҿкаарақәа |
2021 ш. акредиттә лҵшәа |
2022 ш. афинанстә лҵшәа |
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк |
2,4 |
16,6 |
АкБ "Гарант-Банк" |
52,2 |
30,6 |
АкБ "Универсал банк" |
12,8 |
29,8 |
АкБ "Амра-банк" |
15,6 |
33,2 |
АкБ "КИБИТ- Банк" |
12,2 |
1,0 |
АкБ "Аҟәа-Банк" |
-41,4 |
-0,04 |
ЖӘАР абанк Аԥсны |
4,0 |
41,9 |
АкБ "Аҿиаразы Амшынеиқәатәи абанк" |
-8,1 |
-40,6 |
ИАУ "Аврора Банк" |
-2,9 |
-22,4 |
АкБ "Гагра-Банк" |
-11,8 |
-11,7 |
АИАЕ "Очамчыра" |
-0,5 |
-0,5 |
ЗЕГЬЫ |
34,6 |
77,9 |
2. 2022 шықәсазтәи акредиттәразы арбагақәа
2022 шықәсазы убартә иҟоуп аекономика асубиектқәеи атәыла ауааԥсыреи акредит рыҭара апроцесс активла ишымҩаԥсыуаз – 13 965 кредит рыҭан, уи азеиԥш еицҵалыҵ иартәеит 4,1 млрд мааҭ, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп ауаҩытәҩсатә хаҿқәа рзы - 13 474 кредит, уи азеиԥш еицҵалыҵ иартәеит 1,8 млрд мааҭ, аиуристә хаҿқәа - 262 кредит, азеиԥш еицҵалыҵ иартәеит 1,9 млрд мааҭ., хазхаҭалатәи анаплакҩцәа рзы - 205 кредит, азеиԥш еицҵалыҵ иартәеит 0,4 млрд мааҭ. Бжьаратәла апроценттә зыԥҵәа акредитқәа рыла 2022 шықәсазы иартәеит шықәсыктәи 22,9%, 2021 шықәсазы ари арбага иартәеит 23,6%.
Аԥараԥсахҩцәа |
|
Ирыҭоуп |
|
|
Аицҵалыҵ (млн мааҭ.) |
Ахыԥхьаӡара (ц.) |
Ибжьаратәу % зыԥҵәа |
Ауаҩытәҩсатә хаҿқәа |
1 761,1 |
13 474 |
27,4 |
Хазхаҭалатәи анаплакҩцәа |
363,0 |
205 |
21,4 |
Аиуристә хаҿқәа |
1 973,0 |
286 |
19,2 |
ЗЕГЬЫ |
4 097,2 |
13 965 |
22,9 |
2022 шықәсазы акредиттә еиҿкаарақәа еизаку рыкредиттә шәыра иазҳаит 1,1 млрд мааҭ рыла. 2023 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы иартәеит 5,7 млрд мааҭ.
Акредиттә еиҿкаарақәа еизаку рыкредиттә шәыраҟны иреиҳау ахәҭаа аҵанакуан аиуристтә хаҿқәа ирыҭоу акредитқәа – 41,3%. Урҭ рышәагаа аҳасабырбатә рыцхә аан иартәеит 2,4 млрд мааҭ.
Ауаҩытәҩсатә хаҿқәа ирыҵанакуа акредитқәа рышәагаа 2023 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы иартәеит 2,1 млрд мааҭ. Ари 2022 шықәса алагамҭа абри аамҭазы иҟаз арбагақәа раасҭа 22,7 % рыла еиҳауп.
![]() |
![]() |
Аауааԥсыра рзы абанкқәа рдепозиттә политика аманшәалара иабзоураны 2022 шықәсазы акредиттә еиҿкаарақәа ирылшеит ирццаку 1 076 депозит радԥхьалара, уи азеиԥш еицҵалыҵ иартәеит 2 млрд мааҭк. Ари иаҳәоит ауаԥсыра Аԥсны Аҳәынҭқарра абанктә система ашҟа ирымоу агәрагара ишазҳаз атәы.2022 шықәсазы ауаҩытәҩсатә хаҿқәа рдепозитқәа рыла ибжьаратәу апроценттә зыԥҵәа иартәеит 11,4%.
2023 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы акредиттә еиҿкаарақәа еизаку рыкредиттә шәыра иартәеит 2,6 млрд мааҭ., ари 252,4 млн мааҭ рыла еиҳауп мамзаргьы 11% рыла еиҳауп 2022 шықәса алагамҭа аасҭа.
![]() |
01.01.2023 ш. акредиттә еиҿкаарақәа рыҟны ауааԥсыра рыҟнытә аԥарашьҭаҵара
Абанк |
Аицҵалыҵ |
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк |
1 593,0 |
АкБ "Гарант-Банк" |
427,3 |
АкБ "Универсал банк" |
234,2 |
АкБ "Сухум-Банк" |
86,9 |
Егьырҭ абанкқәа |
215,8 |
Зегьы |
2 557,2 |