Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха

"Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета.

  • Каталожный номер0310010-007
  • Дата выпуска06.12.2010 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
10 ҧсарк Ҧруф-лаиқ Араӡны 925 33,94±0,31 31,1 39,0 3,3±0,35 1000

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2010».

Реверс:

Ацқьа Гьаргь (Аергь) Елыртәи иныха асахьа ануп. Армарахь ала ацә ҧсаҭатәи «ахьырхәыга ахәымпал» ахҿа – афырхи ануп. Ихаргьежьны аҧсышәала «Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха» ҳәа аҩыра ануп. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи аныргылаз арыцхә.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп. 
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала. 
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.
Амонета атираж 1000 цыра.