Номинал | Качество | Металл, проба Кольцо/диск | Масса общая, г. | Содержание чистого металла не менее, г. | Диаметр, мм | Толщина, мм | Тираж, шт. |
100 ҧсар | Ҧруф-лаиқ | Араӡны 925, Ахьы 999 | 168,15 | 155,5 | 60,0 | 6,6 | 999 |
хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2011».
Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха асахьа ануп. Армарахьтәи хыхьтәи акәакь аҟны иануп Ацқьа Симон Кананит символра изызуа аџьари аӡҭрақәеи. Ихаргьежьны аҧсышәала «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха» ҳәа аҩыра ануп. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи аныргылаз арыцхә.
монета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.
Амонета атираж 999 цыра.