Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха

"Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха» захьӡу, 10 ҧсарк ицо иалҧшааны ихьырку араӡынтәы монета.

  • Каталожный номер0360010-005
  • Дата выпуска15.02.2012 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
10 ҧсарк Ҧруф-лаиқ Араӡны 925, Ахьы 999 33,94 31,1 0,0434±0,0043 39,0 3,3±0,35 500

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2011».

Реверс:

Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха асахьа ануп. Армарахьтәи хыхьтәи акәакь аҟны иануп Ацқьа Симон Кананит символра изызуа аџьари аӡҭрақәеи. Ихаргьежьны аҧсышәала «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха» ҳәа аҩыра ануп. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи аныргылаз арыцхә.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп. 

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала. 

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 500 цыра.