Новости

Афильм «Аҧсны аҧареикәшара аҭоурых» апремиера

31-05-2021 16:20

Аҧсны Абанк Амузеи аҟны Аҧсны аҧареикәшара аҭоурых иазку аҭҵаарадырра-популиартә фильм официалла апрезентациа мҩаҧысит. Афильм режиссиорс дамоуп – Ибрагим Ҷкадуа, асценари авторс – Асҭамыр Ҭаниа.

Афильм аҟны иаарҧшуп VI ашә. инаркны ҳазҭагылоу аамҭа аҟынӡа зҵазкуа аҭоурых аҩныҵҟа аҧареикәшара хронологиала ахҳәаа. Ицәыргоуп Аҧсны адгьылҵакыраҟны антикатәи, абжьарашәықәсазтәи, Урыстәылатәи аимпериа, асоветтә аамҭақәа раан хархәара змаз аҧаратә дыргақәа ирызку аинформациа.

Убри адагьы, афильм иаҳәоит ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҧареикәшареи Аҧсны Абанк аемиссиатә усуреи ртәы.  

Афильм Аҧсны адгьылҵакыраҟны аҧарақәа реикәшаразы азеиҧш дырра унаҭоит. Уи Аҧсны ҧасеи иахьеи акрызҵазкуа аамҭа ахҵәахак аҳасабала аҧара аҭоурых азҿлымҳара арҿыхареи Аҧсны анумизматикеи абонистикеи рыларҵәареи ирызкуп.

Афильм абара шәылшоит абри азхьарҧш ала:

https://www.facebook.com/bankofabhmuseum/videos/3040036526217942