Новости

Агәаларшәагатә монетақәа «Адинозаврқәа» аикәшарахь иҭыҵит

21-12-2022 16:03

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк ирыланаҳәоит зыхә цәгьам (зыжәла бзиам) аметалл иалху «Адинозаврқәа» асериа иаҵанакуа агәаларшәагатә монетақәа аикәшарахь ишҭыҵыз.

Атираж: 300 цыра
Адиаметр: 39 мм
Алых: Неизильбер
Аҭыжьымҭа акапан: 25,1 г
Ахәҧсаҵәҟьа: 1 аҧсарк
Асериа: «Адинозаврқәа»
Аҩычара: Анциркулеитед
Асахьаҭыхҩы: Џьапуа Баҭал Рушьни-иҧа
Асериа: «Зыхә цәгьам аметалл иалху агәаларшәагатә монетақәа»

Азеиҧш аверс

1. Алиорам

2. Гигантозавр

3. Кетцалькоатль

4. Трицератопс

5. Ютираннус

6. Лиоплевродон

7. Аллозавр


Зыхә цәгьоу (зыжәла бзиоу) Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтәи ауаатәҩсатәи хаҿқәа рыла рыҭира мҩаҧыргоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа