Новости

Акарта АҦРА World зку ауааҧсыра Урыстәыла 59 қалақь рыҟны аоперациақәа мҩаҧыргеит

21-02-2020 13:12

Акарта зку Аҧсны ауааҧсыра еиҳа хархәара ахьарҭаз қалақьуп Шәача, ара АҦРА World акартала имҩаҧгоуп аҳәаанырцәтәи аоперациақәа рыҟнытә зынӡа 51,8% рҟынӡа. Аҩбатәи атранзакциақәа активла иахьымҩаҧысыз Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь – Москва имҩаҧгаз атранзакциақәа 14,6% дыртәеит. Краснодар имҩаҧысыз аоперациақәа рыхәҭаа иартәеит 4,1%. Иара убас АҦРА акартақәа хархәара рыҭоуп Аҧсны еиҳа иацәыхараны иҟоу ақалақь Красноиарск. 

Акарта АҦРА World зку ауааҧсыра Урыстәыла 59 қалақь рыҟны аоперациақәа мҩаҧыргеит, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп Санкт-Петербург, Ставрополь, Новосибирск, Дербент, Ростов-на-Дону, Нальчик, Черқьеск, Екатеринбург, Грозныи уҳәа уб.егь. 2019 шықәса жьҭаарамза инаркны иахьа уажәраанӡа Акарта АҦРА World зку ауааҧсыра Аҧсны анҭыҵ  имҩаҧыргаз 1601 операциа реицҵалыҵ иартәеит 3 951 474 мааҭ. Убри аан иазгәаҭатәуп, имҩаҧысуа атранзакциақәа рахьтә ишеиҳау атауари амаҵзурақәеи рыхәҧса ашәаразы, уи иартәеит 70,8%,напынҵа аҧара амхразы аҧаратә хархәагақәа идыртәеит 29,2%.

Аҧсны анҭыҵ Акарта АҦРА World зку ауааҧсыра ршәатәқәа реилазаараҟны иҟоуп:

  1. Ацәамаҭәа адәқьанқәа – 33,9%
  2. Иуниверсалтәу адәқьанқәеи асупермаркетқәеи- 20,6%
  3. Акафеқәеи аресторанқәеи – 13,3%
  4. Аргыларатә материалқәа, анхамҩатә тауарқәа, атауарқәа аҩны азы  – 9,5%
  5. Абзазаратә техникеи аҭелқәеи – 6,3%
  6. Амедицинатә маҵзурақәеи аҧтекақәеи – 4,7%
  7. Асасааирҭақәа, акинотеатрқәа, арлахҿыхратә ҭыҧқәа – 4,3%
  8. Апарфиумериа, акосметика, аҽырҧшӡарҭа салонқәа – 4,0%
  9. Ахәыҷқәа рзы атауарқәа – 2,4%
  10. Уб.егь. – 1,0%

2020 шықәсазы Аҧсны Амилаҭтә банк АҦРА акартақәа рыдкыларазы агеографиа амҽхак арҭбааразы аусура иацнаҵоит. Амилаҭтә карта ахьынаӡо аҭыҧқәа ирыцлоит даҽа тәылақәакгьы.    

  2019 шықәса ажьырныҳәамза инаркны иҭыжьын  27 нызқь  АҦРА карта инарзынаҧшуа.