Новости

Амилаҭтә карта АԤРА «World» зку актәи ашықәсбжазы Аԥсны анҭыҵ имҩаԥыргаз аоперациақәа реицҵалыҵ иартәеит 29 млн. мааҭ

03-08-2021 13:20

Ҳазҭоу ашықәс актәи азбжазы Амилаҭтә карта АԤРА «World» зку Аԥсны анҭыҵ имҩаԥыргаз аоперациақәа реицҵалыҵ иартәеит 29 млн. мааҭ. Ари ҵыԥхтәи ашыкәс абри аамҭазтәи арбагақәараасҭа 8 млн. мааҭк рыла еиҳауп.   

Атранзакциақәа зку напынҵа аԥара алхразы имҩаԥыргаз аоперациақәа рыхәҭаа иартәеит 52% (15 млн. мааҭ.), атауари амаҵзурақәеи рыхәԥса ашәара иазкыз аоперациақәа - 48% (14 млн. мааҭ.).

Амилаҭтә карта АԤРА «World» зку имҩаԥыргеит аоперациақәа Урыстәыла 180 қалақь инареиҳаны рыҟны, урҭ ирылукаартә иҟоу хырхарҭақәоуп традициала Москвеи Шәачеи.

Урыстәылатәи Амилаҭтә шәатәтәы система «Мир» аинфраструктура 2019 шықәса цәыббрамза инаркны акарта АԤРА аднакылоит.