Анапхгара

Аҧсны Абанк иреиҳаӡоу усбарҭаны иҟоуп Анапхгара – Аҧсны Абанк аусура ахырхарҭа хадақәа шьақәзыргыло, Аҧсны Абанк напхгара азҭо, имҩақәызҵо ахеилактә усбарҭа.

Анапхгара иалоуп Аҧсны Абанк Ахантәаҩи 6-ҩык Анапхгара алахәцәеи. 

Анапхгара алахәцәа еснагьтәи аусура ашьаҭала аус руеит Аҧсны Абанк аҟны.

Аҧсны Абанк хадара азиуеит Ахантәаҩы Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рзеиҧш хыҧхьаӡараҟнытә иреиҳау абыжьқәа рыла 5 шықәса аҿҳәара иҭаны амаҵурахьы иарҭо.

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы имаҵурахьы иаҭаразы акандидатура ықәиргылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны Абанк Ахантәаҩы изинмчқәа рыҿҳәара нҵәаанӡа ҩымз ирхымгакәа.   

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы имаҵура аҿҳәарааиаанӡа ихы данақәиҭтәха, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ари амаҵурахьы икандидатура ықәиргылоит Ахантәаҩы ихы иақәиҭтәра аныҟала инаркны мызкы аҩныҵҟала.   

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы имаҵурахьы ирыдгалахаз акандидатура Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аҟны ианрыдрымкыла Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада мызкы аҩныҵҟала еиҭа абжьыҭаразы акандидатура рыдигалоит, мамзаргьы  акандидатура ҿыц ықәиргылоит. Кандидатурак ҩынтә еиҳаны алагалара ҟалаӡом.   

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала даиҭоит Аҧсны Абанк Ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Анапхгара алахәцәа рхыҧхьаӡараҟнытә Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент ала Аҧсны Абанк Ахантәаҩы иаҭаразы иаҭаху аамҭа аҩныҵҟа. 

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы ихы дақәиҭнатәуеит Аҧсны жәлар Реизара-Апарламент Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иажәалагалала. 

Анапхгара алахәцәа рмаҵурахьы ианаҭоит Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент хәышықәса аҿҳәара рыҭаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иажәалагалала. 

Анапхгара алахәцәа ркандидатурақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иқәиргылоит Аҧсны Абанк Ахантәаҩы.

Анапхгара алахәцәа рмаҵурақәа ирымыххоит:

Абри ахәҭаҷ аҟны иарбоу аҿҳәара анынҵәа – Аҧсны Абанк Ахантәаҩы ила;  

Ари ахәҭаҷ аҟны иарбоу азинмчқәа рыҿҳәарааиаанӡа  Аҧсны жәлар Реизара-Апарламент ала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иажәалагалала.   

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы азин имоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҿаҧхьа Анапхгара алахәҩы имаҵураҟнытә ихы иақәиҭтәразы изинмчқәа рыҿҳәара ааиаанӡа ихы иақәиҭтәра. 

Анапхгара аилатәарақәа рыҟны хантәаҩра иуеит Аҧсны Абанк Ахантәаҩы, иара даныҟамла – уи дзыҧсахуа ахаҿы, Анапхгара алахәцәа руаӡәы.  

Анапхгара азыӡбақәа рыдыркылоит аилатәараҟны иҟоу Анапхгара алахәцәа рхыҧхьаӡараҟнытә иреиҳау абыжьқәа рыла, 4-ҩык рыла ишьақәгылоу акворум аан. 

Анапхгара аилатәара аҧкаанҵа рнапы аҵаиҩуеит хантәаҩра зуази Анапхгара алахәцәа руаӡәи.  Аҧара-кредиттә политика азҵаарақәа рыла Анапхгара азыӡба анаднакыло еиҵахаз Анапхгара алахәцәа ргәаанагара дара рҭахрала аҧкаанҵа ианҵахоит.   

Анапхгара еилатәоит мызкы ахь знык еиҵамкәа.

Анапхгара аилатәарақәа азгәаҭахоит Аҧсны Абанк Ахантәаҩы ила, иара дзыҧсахуа ахаҿы ила, ма Анапхгара алахәцәа ҩыџьа иреиҵамкәа рҭахрала. 

Анапхгара алахәцәа ианаамҭоу адырра рыҭахоит Анапхгара аилатәара азгәаҭаразы.   

Анапхгара инанагӡоит абарҭ афункциақәа:

Анапхгара алахәцәа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент иадепутатцәазар, аҭыҧантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра ирылахәцәазар ҟалаӡом.

Адепутаттә напынҵақәа, аҭыҧантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рзинмчқәа рааныжьра, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра алахәцәа рыҧхьартәара мҩаҧысроуп Анапхгара алахәҩы имаҵурахьы данаҭаха инаркны мызкы аҩныҵҟала, уи ашьҭахь ҿыц иаҭоу Анапхгара алахәҩы инапынҵақәа рынагӡара далагоит.

Анапхгара алахәцәа аполитикатә партиақәа ирылазар, ауаажәларра-политикатәи адинтә еиҿкаарақәеи рыҟны амаҵура ааныркылар ҟалаӡом. 

Анапхгара алахәцәа абри Азакәан 87 ахәҭаҷ ала ишьақәыргылоу аҧкрақәа ирыҵанакуеит.

Аҧсны Абанк Ахантәаҩы: