АПРА

АПРА адырга

2011 шықәса ҧхынҷкәынмза 1 азы амч аиуит Амилаҭтә шәатәтәы система аҧҵара шьаҭас иаиуз «Ашәатәы аелектронтә хархәагақәа рхархәарала амилаҭтә шәатәтәы системазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан. Иааиҧмырҟьаӡакәа аусура, аекономикаҟны еиуеиҧшым аусхкқәа рыҟнытә аквалификациа змоу аспециалистцәа радҧхьаларала Аҧсны ианыруа иҟалеит инхарҭәааны аинформациатә банктә технологиақәа рыҟны иҟоу адунеитә прогресс, иагьалнаршеит ашәатәы аелектронтә хархәагақәа рганахьала жәларбжьаратәи аҩаӡарахь ацәырҵра: 2012 шықәса анҵәамҭа Аҧсны аҳәынҭқарра абанктә системаҟни иааидкыланы аҳәынҭқарраҟни акрызҵазкуа хҭысны иарбахеит – Аҧсны Абанк иаҧнаҵеит Амилаҭтә шәатәтәы система (анаҩс АШӘС) ашәатәтәы усхк аҟны жәларбжьаратәи аҭахрақәеи абжьгарақәеи инарықәыршәаны.

Амилаҭтә шәатәтәы система аҧҵара хықәкы хаданы иамоуп ареспубликаҟны инарҭбааны алахәцәа змоу ашәатәы аелектронтә хархәагақәа исуверентәу ринфраструктура ашьақәыргылара. Уи аҵак дуӡӡа змоу ҧыжәараны иамоуп акарта зку хаҭалатәи рырбагақәеи рҧаратә хархәагақәеи рыхьчара ахьалшо.

Азакәан аҭахрақәа инарықәыршәаны Аҧсны Абанк иаҧнаҵеит икоммерциатәым алахәылара «Аҧснытәи ашәатәтәы – ҳасабыркратә ассоциациа» (анаҩс АПРА), апроблемақәа рылацәажәареи хшыҩеилаҵарала азыӡбақәа рыдкылареи рзы атәыла ашәатәтәы система аҿиара хықәкыс иҟаҵаны, иусхкбжьаратәу ихьыҧшыми иаартуи аҭыҧ аҳасабала.

Икоммерциатәым аусеицура «АПРА» аҳәаақәа ирҭагӡаны иазырхиоуп иагьышьақәырӷәӷәоуп алахәцәа зегьы рзы иаку АА АШӘС аҧҟарақәа, ишьақәыргылоуп атарифқәеи акомиссиақәеи рышәагаа, иазгәаҭоуп АШӘС алалареи алахәреи рзы аҧҟарақәа.

Икоммерциатәым алахәылара «АПРА», Амилаҭтә шәатәтәы система ирылахәцәаны иҟалеит акредиттә еиҿкаарақәа ааба:

  1. ЗҲӘА КБ «Амра-Банк»;
  2. ЗҲӘА КБ «Гагра-Банк»;
  3. ЗҲӘА КБ «Гарант-Банк»;
  4. ЗҲӘА КБ «КИБИТ-Банк»;
  5. ЗҲӘА КБ «Аҟәа-Банк»;
  6. ЗҲӘА КБ «Универсал-банк»;
  7. ЗҲӘА КБ «Аҿиара Амшынеиқәатә банк»;
  8. ИАУ Аҧсны Аҵәахырҭатә банк.

Абанкқәа-алахәылацәа имҩаҧыргоит:

  1. акарта АПРА аҭыжьра;
  2. акарта АПРА еиҧш, жәларбжьаратәи ашәатәтәы система акартақәа рымаҵ аура.

Амилаҭтә шәатәтәы система алагаларала атәыла ауааҧсыра реиҧш, уи асасцәеи алшара роуит ҳазҭагылоу аамҭа иақәшәо аелектронтә шәатәтәы маҵзурақәа нарҭбааны измоу атерминалтә мыруга акаҭа ахархәаразы, иара убас абанктә шәатәтәы картақәа рыла напынҵатәи аҧарақәа роуреи ралагалареи, акарта аҧхьаӡамҭазы абаланс агәаҭаразы, амаҵзурақәеи атауарқәеи (АКН, амобилтә операторцәа, ателехәаҧшра, аелектронтә ҧараҭра, ашәатәтәы система) рыхәҧса ашәаразы.

Амилаҭтә шәатәтәы система аус ауеит ҳазҭагылоу аамҭазтәи ашәатәтәии аинформациатә технологиақәеи рхархәарала ашәатәтәы системазы жәларбжьаратәи астандартқәа инарықәыршәаны, аинформациеи еиҧҟьарада ашәатәтәы система аусура ӷәӷәала ахыламшреи шьаҭас иаҭаны.

Хара имгакәа иазҧхьагәаҭоуп аинфраструктуратә проектақәа рынагӡара, акредиттә еиҿкаарақәа рыла абанкқәа рыклинетцәа адистанциатә банктә маҵзура ахархәаразы алшара рызҭо интернет-банкинги амобилтә банкинги раҧҵара.

Амилаҭтә шәатәтәы система – аҳәынҭқарра афинанстә система иузаҟәымҭхо иалоуп. Ас зымҽхак ҭбаау атәыла Амилаҭтә шәатәтәы система апроект абанктә шәатәтәы система иҿыцу аеволиуциатә ҩаӡарахь ишьҭнахуеит, иарбанзаалак ареспублика хазы игоу аекономика асубиект азы, иааидкыланы аҳәынҭқарразы иаҧнаҵоит аҧыжәарақәа жәпакы: напынҵатәи аҧарақәа реикәшараҟны аиҵатәра, ашәатәтәы маҵзуратә хкқәа рырҭбаара, аекономика иалахәу зегьы напынҵадатәи аикәшара радҧхьалара.

АҦСНЫ АБАНК

2013 шықәса ажьырныҳәамза