Новости

Апрокуратура хада Аҧсны Аҵәахырҭатә банк аусуразы Аҧсны Абанк иҟанаҵаз ахҳәаа — ахьӡ абас иҧсахзар еиҕьуп

04-02-2020 19:04

Аҧсны Абанк Апрокуратура хада Аҧсны Аҵәахырҭа банк аусуразы иакьыҧхьыз аинформациа инамаданы, ацҳамҭа ҟанаҵоит:  

Ишдыру еиҧш, Аҧсны Аҵәахырҭатә банк аҟны иеффиктивтәым анапхгара иадҳәалоу  ауадаҩра дуқәа ыҟан. Аҧсны Аҵәахырҭа банк Бганба Ҭ.С. анапхгараҟны иҟазаара аамҭа аҩныҵҟала имҩаҧган абанк ацәыӡ дуқәа азҭаз ашәарҭара змаз абанктә операциақәа, еффиктра злам акредиттә политика. Ари иахҟьаны, абанк аҧаратә хархәагақәа рзы ҕәҕәала адефицит ианиеит, уи иааиҧмырҟьаӡакәа асоциалтә ҟазшьа змоу ашәатәқәа раанкылара ахылҵит, атәанчахәқәагьы убрахь иналаҵаны, аклиентцәа мызла ршәатәқәа ианаамҭоу ирымшәо, иара убас Аҧсны Аҵәахырҭатә банк абанкоматқәа реиҳарк рыҟны аҧаратә хархәагақәа рыҟамзаара.      

Аҧсны Аҵәахырҭатә банк  аҟны аҭагылазаашьа аиҕьтәра хықәкыс иҟаҵаны, Аҧсны Абанк зныкымкәа абанк аусураҟны имҩаҧысуаз аилагарақәа раҧыхразы адҵақәа дәықәнаҵахьан. Аха убас шакәызгьы, Бганба Ҭ.С. напхгара ззиуаз  Аҧсны Аҵәахырҭа банк иақәнагаз ауснагӡатәқәа нанагӡомызт, афинанстә ҭагылазаашьа аицәахара ишаҿыц иаҿын.   

2017 шықәса абҵарамза 13 рзы Аҧсны Банк ишьақәнаргылеит аамҭалатәи анапхгара 6 мыз ҿҳәарас иаҭаны, 2017 шықәса ҧхынҷкәынмзазы Бганба Ҭ.С. Аҧсны Аҵәахырҭатә банк  Анапхгара ахантәаҩы имаҵураҟнытә ихы дақәиҭтәын. 

Фымз рыҩныҵҟа Аҧсны Банк иналукааша аспециалистцәа 17 – ҩык рыла ишьақәгылаз аамҭалатәи администрациа имҩаҧнагон ганкахьала, Аҧсны Аҵәахырҭатә банк  абанкротра аанкылареи афинанстә зҩыдареи ирызкыз аусура, даҽа ганкахьала,  абанк афинанс-нхамҩатә усура аревизиа. Ари иалҵшәаны, 2000 шықәса алагамҭа инаркны иааиҧмырҟьаӡакәа имҩаҧган анапхыцәгьареи амцеиқәырҽаҽаратә ҟазшьа змаз, аоперациақәа ззеиҧш еицҵалыҵ 700 млн. мааҭ артәоз, Аҧсны анҭыҵ иҟам аҧаратә хархәагақәа гызмалрыла иаарту акорреспонденттә ҧхьаӡамҭақәа рыҟны рхархәара иадҳәалоугьы убрахь иналаҵаны.

Аамҭалатәи администрациа аусура ахыркәшара иазымҧшкәа, Аҧсны Абанк 2018 шықәса мшаҧымза  4 рзы (иалҵ. 17001-4/16) еизгаз аматериалқәа зегьы Аҧсны Абанк Апрокуратура хада ашҟа идәықәнаҵеит. 

2018 шықәса лаҵарамзазы Аамҭалатәи администрациа аусура хыркәшан, убас шакәугьы, Аҵәахырҭатә банк  аусура ахырхарҭа хадақәа Аҧсны Абанк хылаҧшра  азнауеит.