Новости

Атранзакциақәа реикәшара 2021 ш. актәи аквартал аан иартәеит 4,29 млрд мааҭ.

01-04-2021 17:15

Амилаҭтә шәатәтәы система АҧРА ашәатәтәы инфраструктурала имҩаҧыргаз атранзакциақәа рымҽхак иартәеит 2021 ш. актәи аквартал азы иазҳаит 22,3% рыла мамзаргьы 782 млн мааҭ рыла иҳаҩсыз ашықәса уажәааны иаҿырҧшны иаҳгозар.   Абанктә картақәа зку рыла Аҧсны адгьылҵакыраҟны имҩаҧган аоперациақәа 4,29 млрд мааҭ рыхә. Имҩаҧгаз аоперациақәа реилазаараҟны АҧРА акартақәа рыхәҭаа иаҵанакуеит 51,9%, ЖӘАС акартақәа – 38,3%, акарта «Мир» ашәатәтәы система – 9,8%.

Урыстәылатәи абанктә картақәа рыла АШӘС АРА аҟны аоперациақәа рымҽхак    2021 ш. актәи аквартал азы иазҳаит 774 млн мааҭ рыла (60,0%) иҳаҩсыз ашықәса азы ари аамҭа иаҿҳарҧшуазар, иагьартәеит 2,063 млрд мааҭ. «Мир» акартақәа рыла ашықәс алагамҭа инаркны имҩаҧган аоперациақәа 419 млн мааҭ рыхә, ари ҵыҧхтәи ашықәс арбагақәа раасҭа еиҳауп 283 млн мааҭ рыла (208,1%).  

  2021 ш. актәи аквартал аихшьалақәа рыла абанктә картақәа рыла атауарқәа рыхә рыхшәааразы напынҵадатәи аоперациақәа рымҽхак иартәеит 930 млн мааҭ.,  ҵыҧхтәи ашықәсазтәи абри аамҭазы напынҵадатәи аоперациақәа рымҽхак иазҳаит 383 млн мааҭ рыла. (70,0%). Напынҵадатәи аоперациақәа рырбагақәа реизҳара иаҳәоит абанктә картақәа зку Аҧсны адгьылҵакыраҟны еиҳа гәацҧыҳәарала акартақәа рхархәара ишалагаз атауар, аусура, амаҵзурақәа рыхәҧсақәа ршәараан. 

Урыстәылатәи абанктә картақәа зку ареспублика ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны имҩаҧгоу аопреациақәа рымҽхак иартәеит иааизакны 860 млн мааҭ, убрахь иаҵанакуеит «Мир» акартақәа зку, урҭ имҩаҧыргаз напынҵадатәи аоперациақәа рымҽхак иартәеит 151 млн мааҭ. Ари ҳазҭагылоу аамҭазы 2020-тәи ашықәс азтәи арбагақәа иреиҳауп 109 млн мааҭ рыла. (259,5%).

  АҧРА акартақәа рыла напынҵадатәи аоперациақәа реицҵалыҵ 2021 ш. аҳасабырбатә шықәсазы иартәеит 70 млн мааҭ., ҵыҧхтәи ашықәс зыӡбахә ҳамоу аамҭа иаҿырԥшны ҳахәаҧшуазар, иазҳаит 36 млн мааҭ рыла. (105,1%).

  2021 ш. актәи аквартал азы абанктә картақәа АҧРА World зку аҧсны Аҳәынҭқарра анҭыҵ имҩаҧыргеит аоперациақәа 10,57 млн мааҭ рыхә., абри аамҭазы 2020 ш. абри арбага иартәеит 5,71 млн мааҭ.