Новости

Ажьырныҳәамзазтәи аныҳәақәа рыҩныҵҟа урыстәылатәи акартақәа рыла атранзакциақәа реикәшара иазҳаит 70% рҟынӡа

12-01-2021 16:57

2021 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны 10 рҟынӡа урыстәылатәи абанктә картақәа рхархәарала АԤРА ашәатәтәы система ала инагӡоу операциақәа  ирызҳаит 88,3 млн мааҭ (69,5%) рҟынӡа, 2020 ш. азы абри аамҭа иаҿырԥшны иаагозар. Аԥсны адгьылҵакыраҟны урыстәылатәи абанктә картақәа зку рыла инагӡан операциақәа 216,0 млн мааҭ рыхә, ашәатәтәы система «Мир» акартақәа рыла- 38,3 млн мааҭ.

Урыстәылатәи акартақәа зку рыла инагӡоу атранзакциақәа рыҩныҵҟа еиҳа иҳан атауари амаҵзурақәеи рыхәԥса ашәара иазкыз аоперациақәа – 126,9 млн мааҭ. (58,8%), убри аан напынҵатәи аԥаратә хархәагақәа абанкоматқәа рыла рҭыгара иазку аоперациақәа – 89,1 млн мааҭ. (41,2%).

 Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны абанктә картақәа зку рымаҵ зуа АШӘС АԤРА аинфраструктура аҩныҵҟа иҟоуп 2500 терминалтә мыруга.